Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукЛорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы
Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр иазнархиеит аспектакль ҿыц "Ишьаарҵәыроу ачара", Федерико Гарсиа Лорка ипиесала. Хымзтәи аусура аанкылара ашьҭахь аспектакль ахәаԥшҩы изы ирхиоуп.

Аԥхьатәи ахәаԥшцәа злахәыз арепетициа хада амҩаԥысшьа Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

РУСДРАМ аҩналарҭаҿ ауаа маҷуп. Уи амзыз амоуп. Акоронавирустә пандемиагьы акәым.

Русдрам  - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ аҿы еиҭарҳәеит ахәаԥшыҩцәа рыбжьара асоциалтә дистанциа шеиҿкаахо

"Ҳаҭыр зқәу аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" раԥхьатәи ахәаԥшцәа, шәара иахьа арепетициа хада шәҳарбоит. Уаҵәы аԥхьарбараламҭалатә, уаҵәашьҭахь – аԥхьарбара", - иҳәоит Иракли Хынҭәба иагьазгәеиҭоит аспектакль анцо арежиссиор иаанкыланы алагалақәа ҟаиҵар шалшо.

Афоие аҿы алашара ыцәоит, аспектакль иалагоит. Амузыка, алашара, асценахь иааиуеит актиорцәа. Алашьцара иалыҩуеит арежиссиор лыбжьы.

- Шәыхиоума? Шәҽеидышәкыла! – акоманда рылҭоит аспектакль арежиссиор Мариа Романова.

30-ҩык инарзынаԥшуа ахәаԥшцәа аҩбатәи адубль иазыԥшуп.

Абзиабареи аԥсахреи

Аханатә аспектакль испаниатәи амотивқәа, агитареи афламенкои реиԥш иҟоу шалам убоит. Аспектакль абзиабарахаҭа, иааишьа змам ацәаныррақәа, ауаҩытәыҩса иԥсабара аиҿагылара ирызкуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" РУСДРАМ асценаҿы
Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" РУСДРАМ асценаҿы

Аспектакль поезиала иҭәуп. Лорка итекст асцена иқәыҩуеит. Алашара, амузыка, адекорациа аспектакль эакы иаламҩашьо иҟарҵоит.

Иҷыдоу атмосфера аспектакль иарҭоит ацәамаҭәақәа. Урҭ ХХ ашәышықәса алагамҭа ацәа рыҟәнышьшьы иҟоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы
Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

"Ишьаарҵәыроу ачараҿ" алашара ахатә роль нанагӡоит. Асахьаҭыхыҩ Денис Солнцев иуадаҩу, аха ҳәашьак амамкәа иԥшӡоу алашареиҿкаара ҟаиҵеит. Аҩеижьи аҟаԥшьи шьаҿа-шьаҿа атрагедиахь ҳнаргоит, актиорцәа ирку асаркьақәа ирныҷҷало алашара акәзар ҳаргьы уи атрагедиа ҳаладырхәуеит.

Арежиссиор Мариа Романова илылшеит актиортә ансамбль ссир аизакра. Аҭаца лроль налыгӡоит Мадлена Барцыцԥҳа. Уи дԥышәырччозаргьы, лылақәа ирхубаалоит ааԥсара, агәкаҳара.

© Sputnik / Томас ТхайцукОсман Абыхәбеи (Леонардо) Мадлена Барцыцԥҳаи (аҭаца)
Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Осман Абыхәбеи (Леонардо) Мадлена Барцыцԥҳаи (аҭаца)

Иаркы-ирцә ҳәа иҟоу Леонардо ироль дыхәмаруеит Осман Абыхәба. Осман даҽаӡәы иԥҳәысхараны иҟоу аԥҳәызба бзиа дызбо, ухы иузҭамыгӡо ак ҟазҵар зылшо ауаҩы ироль наигӡоит. Еибаго арԥыси (Рубен Депелиан) аԥҳәызбеи, аԥҳәызбеи Леонардои рдиалогқәа ԥхьаҟа иузмырҽеиуа ахҭыс бааԥсқәа шыҟало иунырыртә иҟарҵоит.

Ан лроль налыгӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Наталиа Папасқьырԥҳа. Лара ишылҳәаз ала, аԥхьанатә ари аҭоурых хьанҭоуп иазылыԥхьаӡеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукНаталиа Папасқьыр (ан), Џьамбул Жорданиа
Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Наталиа Папасқьыр (ан), Џьамбул Жорданиа

"Ишԥаҳалҳаршо ҳәа схәыцит, аха нас аусура ҳаналага, Лорка ирҿиамҭа ҳанагәыланахала, уаанӡатәи схәыцрақәа зегь неиԥхьбеит. Дарбанзаалак даҽа авторк абасеиԥш ҳаигәылеимхалацызт. Дасу ҳаҩнуҵҟатәи ҳцәаныррақәа арҿыхеит. Иҟоуп ҳәа ҳаззымхәыцуазгьы. Ҳархәыцит. Аԥҳәыс ауадаҩрақәа данрықәшәо аӡәы ихы анираалоит, даҽаӡәы аҿагылара далагоит. Ииашоу аӡбара адкылара даара иуадаҩуп", - лҳәоит лара.

Ан амч змоу, зегь зымпыҵазкуа ԥҳәысуп, лԥеи лхаҵеи ршьоура дазгәаҟуеит. Аха аҩбатәи лԥа данҭахалак ашьҭахь ллахьынҵа лыдылкылоит, анажьра дазыгьежьуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара"
Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара"

Аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" – ҳәарада РУСДРАМ ақәҿиара дуқәа иреиуоуп. Ара зегь уамашәа иҟоуп – алашара, амузыка, ашәҵатәы, актиорцәа рыхәмарра. Акызаҵәык аамҭа еиҵыхцәоуп – ҩ-сааҭк инареиҳаны ицоит.

Аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" аԥхьарбара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 10, 11 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0