Аԥсны АКХ: алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны алхрақәа шьақәгылеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны АКХ: алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны алхрақәа шьақәгылеит
Аԥсны АКХ: алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны алхрақәа шьақәгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рзы абжьыҭара алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҟны ихыркәшахоит ԥхынгәы 12, асааҭ 20:00 рзы. Раԥхьатәи алҵшәақәа еилкаахоит алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа АКХ ахь аԥкаанҵақәа аннаргалак ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Асааҭ 14:30 рызтәи адыррақәа рыла, Апарламент ахь алхрақәа ахьымҩаԥысуаз алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны ауаа рааишьа иаҿырԥшны ишьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡатәуп, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Абри аамҭазы алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны абжьыҭара шьақәгылеит ҳәа уҳәар ҟалоит ауаа рааишьа инақәыршәаны", - ҳәа азгәеиҭеит Гогьиа.

  • Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хадаҟны ауаа рааишьа иартәоит 26,39%;
  • Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 21,28%;
  • Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 27,98 %;
  • Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 33,51% %.

Абжьыҭара хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы. Раԥхьатәи алҵшәақәа еилкаахоит алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа АКХ ахь аԥкаанҵақәа аннаргалак ашьҭахь. Гогьиа иҳәеит заанаҵтәи алҵшәақәа иахьагьы рыӡбахә рҳәар шалшо.

"Асааҭ 20:00 рышьҭахь абжьыҭара аанаҳкылоит. Алхратә ҭыԥ хадақәа адыркуеит. Алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа алҵшәақәа еихыршьалалоит. Убри ашьҭахь алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа аиааира згаз данеилыркаалак ашьҭахь ҳаргьы заанаҵтәи алҵшәақәа рылаҳҳәоит. Урҭ анрылаҳҳәо анакәхаҵәҟьо сызшәаҳәом, ҵхыбжьон асааҭ аказы акәхаргьы ҟалоит", - иҳәеит Гогьиа.

Азакәан ишаҳәо ала, алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа алҵшәақәа ҩымш ирҭагӡаны реихшьаларазы азин рымоуп. Заанаҵтәи алҵшәақәа анрыларҳәалак ашьҭахь, абжьыҭара шымҩаԥысыз азы ашшыԥхьыӡқәа ҟалар, АКХ ҽнак ахи аҵыхәеи рыла урҭ рыднакылоит.

"Аӡәгьы дмашшыр, аҵыхәтәантәи алҵшәақәа рылаҳәара аамҭа ҳцәагаӡом", - ҳәа иажәа иациҵеит АКХ ахантәаҩы.

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 ала - Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0