Аԥсны АКХ Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа заатәи реихшьаалақәа рыланаҳәеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовторные выборы президента Абхазии
Повторные выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла Апарламент аҟны иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь аиҭалхрақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада заанаҵтәи аихшьаалақәа ҟанаҵеит амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысызз алхрақәа рзы.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла:

  • Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18 аҟны депутатс далхуп Алхас Ҳагба, 50,56% абжьы иманы;
  • Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 аҟны Алмасхан Барцыц, 63,5% бжьы иманы;
  • Кындаӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟны Гарри Кокаиа, 70,3% бжьы иманы.

Аиҭалхрақәа азгәаҭоуп Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи кандидатс иахьықәгылаз. Рҩыџьагьы иазхоз абжьы рмоуит.

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла, Бзыԥтәи аокруг аҿы 77 биуллитен ԥхасҭан. Амчыбжь аҩныҵҟа АКХ аилатәара мҩаԥысуеит, аиҭалхрақәа ррыцхә шьақәырӷәӷәахоит.

АКХ адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи аокруг аҿы ауаа рнеира 54,41% инаӡеит, Оҭҳаратәи аокруг аҟны - 41,70%, Кындыӷтәи аокруг аҟны - 60,48%, Бзыбтәи аокруг аҟны – 44,40%.

"Иарбанызаалак шшыбӷьыцк ыҟам, гәынхарак ыҟам. Абжьыҭараз инеиз рхыԥхьаӡара иааџьоушьартә иҳаракын", - иҳәеит Гогьиа.

Абжьыҭара алҵшәақәа еилкаахеит акомиссиақәа АКХ ахь аԥкаанҵақәа анынарышьҭ ашьҭахь. АКХ адыррақәа рыла, ԥхынгәы 12 асааҭ 18:00 рзы алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ишьан.

Аԥсны ААР аусзуҩцәа ауаажәларратә еиҿкаара иахылаԥшуан. Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа рыла, џьаргьы еилахәарак аҭыԥ амамызт. Шәҩык рҟынӡа амилициа аусзуҩцәа алхырҭатә округқәа ручасткақәа 20 рҟны руалԥшьа нарыгӡон.

Азакәан ишаҳәо ала, алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа алҵшәақәа ҩымш ирҭагӡаны реихшьаларазы азин рымоуп. Заанаҵтәи алҵшәақәа анрыларҳәалак ашьҭахь, абжьыҭара шымҩаԥысыз азы ашшыԥхьыӡқәа ҟалар, АКХ ҽнак ахи-аҵыхәеи рыла урҭ рыднакылоит.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0