Ҿыц иалху Апарламент адепутатцәа рнапынҵақәа рынагӡарахь ианиасуа атәы рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны имҩаԥысит Апарламент ахь аиҭалхрақәа. Аҭыԥ хадақәа ԥшьба рҟынтәи руак аҿы ҩаԥхьа аиҭалхра мҩаԥысраны иҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит иалырхыз адепутатцәа рнапынҵақәа рахь ииасыр анрылшо атәы.

Ацентртә алхратә комиссиаҿы абжьыҭара ашьҭахь бжьымш рыҩныҵҟала адепутатцәа ашәҟәы иҭарыҩуеит. Ашәҟәҭаҩра ашьҭахь адепутатцәа Аԥсны АКХ аӡбамҭаҟынтә алҩаа роуеит. Уи Апарламент ахь инаргоит. Уа имҩаԥгахоит иалху адепутатцәа азинԥҵаратә усбарҭа аилазаара ралаҵара апроцедура.

"Бзыԥҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны иҟалараны иҟоу аиҭалхра егьырҭ адепутатцәа русура анырра анаҭом", - ҳәа иҳәеит Гогьиа.

Гогьиа иҳәеит аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны, Бзыԥҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада № 10 аҿы аиҭалхрақәа шымҩаԥысуа. Ҩымчыбжь рыҩныҵҟала АКХ алхрақәа ррыцхә шьақәнаргылоит.

Повторные выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа заатәи реихшьаалақәа рыланаҳәеит

Оҭҳаратәи ҭыԥ хадаҿы иалху Алмасхан Барцыц иҳәеит алхрақәа аиҩызаратә ҟазшьа рыманы имҩаԥган ҳәа.

"Алхраԥхьатә кампаниа зегьы соппоненти сареи еиҩызарыла имҩаԥаагеит. Аихшьаалақәа аныҟаҵаха Робестан Габлиа сиааира сыдиныҳәалеит, ақәҿиарақәа сзеиӷьеишьеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Адепутат иҳәеит апандемиа инадҳәаланы Аԥсны ауааԥсыра ақыҭанхамҩахь ихьаԥшит, ари агәыгәҭажьра ҟалом ҳәа. Барцыц иажәақәа рыла,  Апарламент аҿы ақыҭанхамҩа аусхк иацхраауа апроектқәа адгылара риҭалоит.

Кындыӷтәи ҭыԥ хадаҿы иалырхыз Гарри Кокаиа иҳәеит ари аокруг аҿы егьырҭ ирҿырԥшны ауаа рнеира рекордтәын ҳәа. Иара изы зыбжьы зҭииз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Очамчыра идепрессиву раионуп ҳәа иԥхьаӡоуп, аха скомандеи сареи иаҳҭахуп иааҳарԥшырц араион иамоу алшара дуқәа", - ҳәа иҳәеит адепутат.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0