Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны COVID-19 зыхьыз аӡәгьы даарԥшым

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Гемотест" начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию
Гемотест начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа ааҟалеижьҭеи иахьатәи аамҭазынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 38-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, ԥхынгәы - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирустә инфекциа рымоу ирымаму агәаҭаразы 12-ҩык ауааԥсыра атестқәа ирхыжьын, урҭ рахьтә аӡәгьы ачымазара ҿкы илам ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Апандемиа ааҟалеижьҭеи иахьатәи аамҭазынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 38-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, пациентк лыԥсҭазаара далҵит.

Урыстәыла иахьаҵанакуа аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рзы Урыстәыла иаарԥшуп 5 940 коронавирус хҭыс ҿыц арегионқәа 85 рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0