Аԥсны иахьаҵанакуа "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит урыстәылатәи аруаа

Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 17, 2020 шықәса рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин иӡбрала иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥган Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа азениттә-ракетатә системақәа С-300 рыцхыраарала "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рҿы планла имҩаԥгаз агәаҭарақәа раан Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа азенит-ракетатә системақәа С-300 рыцхыраарала "аӷа" иавиациа ажәылара аԥдырҟәҟәааит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык аррамаҵзурауаа, 50 ак арратә техника: азенит-ракетатә системақәа С-300 "Фаворит", акомплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10", еиҭарго азенит-ракетатә комплексқәа "Игла" реиԥш иҟоу налаҵаны.

Совместные учения разведывательных подразделений российских и белорусских десантников - Sputnik Аҧсны
Путин иаалырҟьаны ар разыҟаҵашьа гәаҭатәуп ҳәа рылеиҳәеит

Ԥхынгәы 17, 2020 шықәса рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин иӡбрала иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥган Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа, Аҳаир-десанттә мчрақәа, Арра-мшынтә флот амшынтә пехота ахәҭақәа.

Зынӡа иаалырҟьаны агәаҭарақәа рымҩаԥгара иалархәын 150 000-ҩык аруаа, 400 ԥрыга аппарат, 26 000 иҷыдоу арратә атехника, 100 рҟынӡа ӷба.

Ауснагӡатә иахықәкы хаданы иҟоуп арҟәшақәа разыҟаҵара, рдырра, ртехникатә еиқәыршәара ргәаҭара.

Агәаҭаратә уснагӡатәқәа хыркәшахеит ԥхынгәы 21 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0