Аԥсны Абираҟ амш амҩаԥысшьа апрограмма еиқәыршәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазский флаг
Абхазский флаг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Абираҟ амш. Сынтәа аныҳәа амҩаԥысшьа, араионқәа рҿы уи аиҿкаашьа, аконцертқәа ирылахәу уҳәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Абираҟ Амш азы Аҟәа иазыԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресси, аҳҭнықалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы адепартаменти, Акультура аминистрреи рыдгыларала Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы еиҿнакааз ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.

Аныҳәамш апрограмма хацыркхоит ашьыжь, асааҭ жәба рзы Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

Sputnik, Ренат Ԥачалиа

Асааҭ 18:00 рзы ақалақь ахадара аҿаԥхьантә Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынӡа имҩаԥысуеит амото- маланыҟәа еиндаҭрала. Изҭаху ихы алаирхәуеит.

Афиниш ашьҭахь аҿар, арҿиаратә коллективқәа, аспортсекциақәа, аволонтиорцәа рымҩанысра мҩаԥгахоит. Амшын аԥшаҳәа иқәсуеит Аԥсны абираҟ кны.

Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниаԥҳа Абираҟ амш иазку аныҳәазы: имҩаԥаҳамгар алшаӡом

Асааҭ 19:30 рзы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иалагоит акәашаратә коллектив "Кавказ", Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр, ансамбль "Шьараҭын"аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы студиа "Иаирума" злахәу аконцерт.

Аныҳәатә концерт хыркәшахоит акәашара "Аурашьа" ала. Иара рҽаладырхәыр ҟалоит изҭахны иҟоу зегьы. Ауснагӡатә ахыркәшамҭаз дықәгылоит амилаҭтә композициақәа ҳаамҭазтәи аранжировкала иазырҳәо адиджеи.

Ауснагӡатә аҿы иазыԥхьагәаҭоуп ихәыҷу рзынгьы апрограмма. Изҭаху ирзыҟарҵоит аԥсуа бираҟ асахьа зныԥшуа апрофессионалтә аквагрим.

Ашҭаҿ ицәыргақәҵахоит Аԥсны абираҟ аҭоурых. Игалоит аԥсуа музыка. Уи уацкәашар, ма ус баша уазыӡырҩлар ҟалоит.

Очамчыра ақалақь аҿы аныҳәа мҩаԥгахоит абиблиотека ахыбраҿы.

Абиблиотека аиҳабы Асҭанда Сабекьиаԥҳа ишылҳәо ала, араион ахада иҟаиҵо адныҳәарала ихацыркхоит апрограмма.

"Абри ашьҭахь ахәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьалоит, анаҩс аҭыԥантәи артистцәа алархәны имҩаԥгахоит аконцерт" , - лҳәоит лара.

Сабекьиаԥҳа ишылҳәо ала, аныҳәахь ааԥхьара рыҭоуп араион ақыҭақәа рхадацәа, Амилаҭтә библиотека, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа рхаҭарнакцәа.

Гәдоуҭа араион Акультура ахан анапхгаҩы Џьульетта Бигәааԥҳа ишылҳәаз ала, иҟоу аҭагылазаашьа иахырҟьаны рхатәы мчқәа рыла аныҳәа мҩаԥыргоит.

Уаанӡа аҳҭнықалақь артистцәа алахәны аконцерт мҩаԥыргозар, сынтәа аҭыԥантәиқәа рықәгыларала имҩаԥгахоит.

Бигәааԥҳа ҭабуп ҳәа ралҳәоит хатәгәаԥхарала аконцерт зҽалазырхәуа ашәаҳәаҩцәа Саида Габниаԥҳаи Хатуна Ҭарԥҳаи.

Аԥсны егьырҭ араионқәа реиԥш Тҟәарчалгьы ауснагӡатә аҽаланархәуеит.

Выступление Абхазской государственной хоровой капеллы  в Большом зале Московской консерватории имени Чайковского - Sputnik Аҧсны
Жәлар рашәақәеи аклассикеи: ахортә капелла Абираҟ амшазы аконцерт мҩаԥнагоит

Тҟәарчал араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Рита Ажьиԥҳа ишылҳәо ала, апрограмма хацыркхоит Аԥсны раԥхьатәи ахада ибаҟа амҵани афырхацәа раллеиаҿи ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Акультура ахан аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт.

Абри амш азы араион аҿы имҩаԥгахоит ашьапылампыл асразы ачемпионатгьы.

Гагра араион ахадареи анаплакыҩцәеи рылшарала аныҳәа еиҿкаахоит ҳәа лҳәоит араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳаа.

"Акарантин азы имҩаԥгам аныҳәақәа ыҟоуп, аха ԥхынгәы 23 рзы инарҭбаау ауснагӡатә еиҿаҳкаарц ҳаӡбеит", - лҳәоит Бганԥҳа, иагьацылҵеит иара ишалахәхо жәафҩык рҟынӡа аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.

Аконцерт хыркәшахоит аныҳәатә салиут ала.

Гал араион ахада иажәақәа рыла, ара аныҳәа "ҭаацәашәала" имҩаԥгахоит. Шьыжьнаҵы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, нас Акультура ахан аҿы араион ахадеи аҭыԥантәи аизара ахантәаҩи ауааԥсыра аныҳәа рыдырныҳәалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0