SputnikPro авебинарқәа: АИХ рҟны абренд-контент – аҷыдарақәеи аԥеиԥшқәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik PRO
Sputnik PRO - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik онлаин-сессиақәа мҩаԥнагоит арккаратә программа SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ԥхынгәы 24, асааҭ 13:00 рзы имҩаԥгахоит авебинар абри атемала: "АИХ рҟны апроект ҷыдақәа. Ишԥаҟаҵатәу акоммерциатә контент аудиториа аинтерес ркыртә еиԥш?".

Авебинар аҟны спикерс дықәгылоит ЖәАА "Россия сегодня" акомплекстә медиаалыҵқәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аредактор хада Елена Костомарова. Лара дрылацәажәоит АИХ рҟны абренд-контентқәа рҷыдарақәеи рԥеиԥшқәеи иара убасгьы аԥеиԥш змоу апроект ҷыдақәа раԥҵара аформула.

© SputnikЕлена Костомарова
SputnikPro авебинарқәа: АИХ рҟны абренд-контент – аҷыдарақәеи аԥеиԥшқәеи - Sputnik Аҧсны
Елена Костомарова

Онлаин-сессиахь ааԥхьара рымоуп афотоҭыхыҩцәа, абильдредакторцәа, ажурналистцәа, аблогерцәа, АИХқәа рхадацәеи апресс-маҵзурақәа русзуҩцәа. Ахалархәра зҭаху зегьы заанаҵ аформа хадырҭәаарц аҳәара ҟаҳҵоит. Зыҽҭазҩыз рахь оналин-сессиа алагаанӡа сааҭк шыбжьоу ашәҟәы рзынаҳашьҭуеит уи шәаҭаарц алшара шшәоуа арбаны. Инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит абри аҭел ала: +7 940 9977022.

SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп.

Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа уҳәа имҩаԥырго асеминарқәеи, амастер-классқәеи, алекциақәеи ирсистемоуп. Адунеи атәылақәа 22 рҟны: Ермантәыла инаркны Индианӡа, Бырзентәыла инаркны Китаинӡа имҩаԥыргахьеит. 2018 шықәса раахыс апроект рхы аладырхәхьеит 80 тәыла рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа. Иҿыцу ажәабжьқәа Facebook аҟны шәрызҿлымҳаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0