Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра 7,5 миллион мааҭ рыхә амедмаҭәахәқәа аанахәеит

© Foto / Пресс-служба Министерства здравоохранения РАМинздрав Абхазии при поддержке «Русской общины Абхазии» и на средства республиканского бюджета приобрел оборудование для медучреждений страны.
Минздрав Абхазии при поддержке «Русской общины Абхазии» и на средства республиканского бюджета приобрел оборудование для медучреждений страны.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра атәыла амедицинатә усбарҭақәа рзы амаҭәахәқәа аанахәеит "Аурысцәа руаԥшь" ацхырааралеи ареспубликатә биуџьет аԥаралеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит амедицинатә маҭәахәқәа – анаркозтә-ԥсыԥлагаҩагаратә аппарат, аҳауатә концентраторқәа, апациентцәа риараҿтәи амониторқәа, аҳауарыцқьагақәеи авидеобронхоскопи, иааидкыланы 7 миллионки 530 нызқьи мааҭ рыхә ҳәа адырра ҟанаҵоит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәеи атест-системақәеи аархәеит Агәабзиарахьчара аминистрразы - Sputnik Аҧсны
Арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәеи атест-системақәеи аархәеит Агәабзиарахьчара аминистрразы

1 555 500 мааҭ рыхә амаҭәахәқәа наргахьеит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадахьы,  2 952 500 мааҭ рыхә - Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭахь, 672 000 мааҭ рыхә - Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хадахьы. Уажәтәи аамҭазы арҭ амедицинатә аппаратқәа раҿакреи русура аиқәыршәареи иаҿуп.

"Уи адагьы, Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы УЗИ-аппарат ҿыц аусура иалаҳаргахьеит, уи аахәан ареспубликатә биуџьет ахарџь аҟынтәи, ирызҭазгьы Агәабзиарахьчара аминистрроуп", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭа.

Уаанӡа иҟаҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра анаплакцәа рхеилак "Ҳара ҳаидгылоуп" ацхыраарала зқьы ҭҵаара иазхаша аекспресс-тестқәеи Гәдоуҭатәи агоспиталь азы атомографи аархәахьан.

© Foto / Пресс-служба Министерства здравоохранения РААԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра 7,5 миллион мааҭ рыхә амедмаҭәахәқәа аанахәеит
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра 7,5 миллион мааҭ рыхә амедмаҭәахәқәа аанахәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра 7,5 миллион мааҭ рыхә амедмаҭәахәқәа аанахәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0