Адепутатцәа Ареспубликатә биуџьет ахь ариашарақәа аларгалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиуџьет ариашарақәа аҭаххеит абиуџьет аусхк иаҵанакуа аусзуҩцәа ркатегориақәак рулафахәы ашьҭыхразы аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа инарыдҳәаланы.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Апарламент адепутатцәа 2020 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет ахь ариашарақәа аларгалеит ҳәа аалыцҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Деньги - Sputnik Аҧсны
Афинансқәа рминистрра аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь аԥаразшәарацҵа азыԥхьагәанаҭоит

Афинансқәа рминистр Владимир Делба иажәақәа рыла, аԥсахрақәа ҵаҵӷәыс ирымоуп абиуџьет аусхк иаҵанакуа аусзуҩцәа ркатегориақәак  рулафахәы ашьҭыхразы аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа. Урҭ инарыдҳәаланы иԥсаххоит абиуџьетбжьаратә трансфертқәа рҟазшьақәа.

Адепутат Баҭал Аиба арҭ аԥсахрақәа дырҿагылеит. Иара иажәаәқа рыла, иахьазы абиуџьет анагӡара 30% роуп иҟоу, уи азы апроект заацәоуп.
Аилацәажәарақәа рышьҭахь адепутатцәа аԥсахрақәа ирыдгылеит.

Аминистрцәа реилазаара ибзиоуп ҳәа ахнаҳәааит  агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзурақәа  русхк знапы алаку ауаа ркатегориақәак рулафахәы ашьҭыхра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0