Агәабзиарахьчара аминистрра акьыбачымазара змоу рзы ахәшәқәа аанахәеит

CC0 / / Лекарства
Лекарства - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчара аминистрра хықәкылатәи апрограммақәа рҿы иарбаӡам акьыбачымазара змоу ауаа хәшәыла реиқәыршәара, уи мҩаԥызго амедицинатә ԥгаԥса афонд ауп.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Агәабзиарахьчара аминистрра акьыбачымазара змоу рзы ахәшәқәа аархәеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аминистрра афармациа аҟәша аиҳабы Ахра Аџьба.

Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд Аԥсныфармациа аҿаԥхьа быжь-миллионк ақәуп - Sputnik Аҧсны
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа быжь-миллионк ақәуп

Иара иажәақәа рыла, Агәабзиарахьчара аминистрра хықәкылатәи апрограммақәа рҿы иарбаӡам акьыбачымазара змоу ауаа актәии аҩбатәии ацәаҳәа хәшәыла реиқәыршәара, уи мҩаԥызго амедицинатә ԥгаԥса афонд ауп.

"Агәабзиарахьчара аминистрра атәылауаа ахԥатәи ацәаҳәатә хәшәқәа рылоуп ишеиқәнаршәо. Аха иахьазы амедицинатә ԥгаԥса афонд  аԥареизгара ахьылаҟәу инадҳәаланы анапынҵақәа ахьазынамыгӡо азы иацхраатәуп. Афонд ауал ақәуп. Аҭагылазаашьазы  аилатәара мҩаԥган, ирыдкылан аӡбра аминистрра абиуџьет аԥарақәа рыла зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшқәа аанахәарц", - ҳәа иҳәеит Аџьба.

Ахәшәқәа реиқәыԥхьаӡа азнархиеит Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр.  Уи инақәыршәаны ахәшәқәа аахәан.

Ԥхынгәы 25 рзы Аԥсныҟа иааган актәии аҩбатәии ацәаҳәа иаҵанакуа ачымазцәа рзы ахәшәқәа. "Аԥсныфармациа" 80 % аанагеит. Иаанхаз 20 % иааиуа амчыбжь азы иаагахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0