Ԥшьымз раахыстәи акарантин: акоронавирус Аԥсны аԥсҭазаара ишаныԥшыз

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота сотрудников "Кубань-СПАС"
Работа сотрудников Кубань-СПАС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥшьымз раԥхьа, хәажәкыра 28 рзы азинмч аиуит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба атәылаҿы COVID-19 аламырҵәаразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалазарц инапы зҵаиҩыз аусдҵа. Уи инақәыршәан иаркын Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа.

Авирус Аԥсныҟа аамышьҭразы уснагӡатәқәас ирыдкылаз, ачымазара адинамика аҽеиҭакшьа зеиԥшроу, ари аҭагылазаашьа аекономика, абанктә система, анаплакра ишырныԥшыз уҳәа - Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

АҶ арежими аԥкырақәеи

Ареспубликаҿы аԥкыратә уснагӡатәқәа алагалан Аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәахаанӡагьы. Атәылаҿ акоронавирус аламырҵәаразы Аминистрцәа Реилазаара хәажәкыра 18 рзы иаднакылеит аӡбра ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, аспорттә секциақәа, аҵараиурҭақәа русура аанкылазарц. Ашколтә каникулқәа хәажәкыра 30 рҟынӡа инахеит, аха аҵаратә процесс анаҩсгьы изацымҵахеит аԥкырақәа ирыхҟьаны. Ашколқәеи аҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа заҵәык ракәхеит аԥышәарақәа зҭииз.

Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Ачарақәа, аҵара, аџьармыкьа, атранспорт: акоронавирус аҽацәыхьчаразы адҵа ҿыцқәа

Аԥхьатәи аԥкырақәа ирыҵаркит аекскурсиатә усурақәа. Хәажәкыра 20 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа атуристцәа рыдкылара иаҟәырхит Риҵатәи апарк, Афонҿыцтәи аберҭыԥ, егьырҭ аобиектқәа.

Иара убасгьы аԥкырақәа ирыҵаркит аресторанқәа, акаҳуажәырҭақәа, аԥацхақәа, абарқәа, акрыфарҭақәа уҳәа акрыфарачарҭатә обиектқәа.

Иадыркит аџьармыкьақәа. Убри аан афатәаалыҵ дәқьанқәа аус руан апрофилактикатә уснагӡатәқәа рыҽрықәыршәаны.

Аҭагылазаашьа ҷыда алагалара амш азы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа аҭынчра аадырԥшырц, ашәарҭадаратә ԥҟаррақәа ирықәныҟәаларц.

"Адунеи аԥышәара ду иахысуеит. Иҟоу ауадаҩра еилышәкаарц сшәыҳәоит. Дасу иуа-иҭахы, иааигәа иҟоу ихьчароуп, аҭакԥхықәра ааирԥшыроуп. Ари аԥышәара цәыӡда ҳаиааироуп", - иҳәеит иара.

Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа адыркхьан хәажәкыра 13 рзы, мшаԥы 8 рзы Урыстәылеи хареи ҳҳәаагьы аркын ауааԥсыра ркатегориақәа зегьы рзы.

Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркхоит - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркхоит

Иалагалаз аԥкырақәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсныҟа аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ралалара аанкылан хаз игаз категориақәак рыда: ареспубликаҿ аккредитациа змоу адипломатиатә усзуҩцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа, амаҵураныҟәара иаауа, жәларбжьаратәи аидарамҩангарақәа ҟазҵо амашьынарныҟәцаҩцәа.

Аҭагылазаашьа ҷыда аналаргала ашьҭахь, хәажәкыра 30 рзы ицәырҵит аинформациа Гал араион ақыҭа Аберқыҭ инхоз Нино Хецуриани акоронавирус лыманы Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭахь днаган ҳәа. Лара мышкы аԥхьа аԥсуа-аурыс ҳәаа дахысны Аԥсны аҵакырахь дҭалеит.

Ари инамаданы Галҟа узгоз амҩақәа зегьы адыркит. Ақалақь аҿы акоменданттә сааҭ рылаҳәан. Мшаԥы алагамҭазы Гагра ақалақьгьы ҭахкаан, хҩык ақалақьуаа авирус ахьрыдырбалаз иахырҟьаны. Ачымазара змаз ахьынхоз аҩны акәзар, амилициа акәшаны игылеит, ауааԥсыра ҩымчыбжь рыҩныҵҟа аҩны издәылҵуамызт.

Авирус аламырҵәаразы иаԥҵан Агәабзиарахьчара аминистрра аоперативтә штаб, иаԥҵан ақьалатә лагерқәа, акоронавирус аҟазшьақәа иреиԥшу змаз ауаа ахьгәарҭоз.

АҶ арежим мшаԥы 20 рҟынӡа иҟан. Абри ашьҭахь азин ҟаҵан аџьармыкьақәа русуразы, аха мчыбжьык ахь хынтә. Мшаԥы 21 инаркны Гали Гагреи араионқәа рылалара азин ҟаҵан, иаԥыхын акоменданттә сааҭ. Убри аан аԥкырақәа реиҳарак ааныжьын.

Авирус Аԥсны иахьыҟамыз азы маҷ-маҷ аԥкырақәа дырԥсыҽит, иҟоуп зынӡа иаԥырхызгьы, аусура иалагеит атранспорт, иаадыртит атеатрқәа, азин ҟалеит амассатә культуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Аха иахьа уажәраанӡагьы актуалра аҵаны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартра азҵаара, ареспубликахь атуристцәа рааразы.

Ԥхынгәы 25 рзы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәаа етап-етапла аартра азҵаара аоперативтә штаб аилатәараҿы иалацәажәахоит ҳәа Москва, ԥхынгәы 28 рзы.

Роспотребнадзор  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп: Роспотребнадзораа иҟарҵаз ахәшьара

Ԥхынгәы 23 рзы ареспубликахь иааит Урыстәыла агәабзиарахьчареи Роспотребнадзори рхаҭарнакцәа рделегациа. Дара атәыла ахәышәтәырҭатә усҳәарҭақәа ринспекциа мҩаԥыргеит, иара убасгьы ирҭааит атуристтә обиектқәа, урҭ рсанитартә ҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы. Дара иҟарҵо алкаақәа аҳәаа аартразы азҵаара аӡбра шьаҭас иазыҟалоит.

Роспотребнадзор аекспертцәа иазгәарҭеит Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалоуп, Ареспубликатә лабораториа аусура адунеитә стандартқәа ирықәшәоит ҳәа.

Урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа раара аламҭалаз Москва Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба аҳәаа аартра азҵааразы аиԥыларақәа мҩаԥигеит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәаа ахысразы аԥкырақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 28 рҟынӡа днахеит.

Ачымазара адинамика

Аԥсны раԥхьатәи акоронавирустә хҭыс азгәарҭеит мшаԥы 7 рзы, Гагра. Ачымазаҩ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днаган. Иара уи аԥхьа Москва дыҟан.

Адырҩаҽны иара убри аҩыза адиагноз лзықәыргылан ачымазаҩ иԥҳәыс. Мшаԥы 11 рзы акоронавирус лыдбалан иара убри аҩнаҿы инхоз, 95-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Лара лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ мшаԥы 26 рзы.

Анаҩстәи акоронавирустә хҭысқәа цәырҵит лаҵарамзазы. Авирус рыдбалан Аԥсныҟа ихынҳәыз Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рстудентцәа фҩык. Дара уи аамҭазы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин иахысуан. Абри ашьҭахь изныкымкәа астудентцәа авирус рыдырбалон.

Гостиница Айтар  - Sputnik Аҧсны
"Аиҭар" аҿы адисциплина еилазгоз ҷыдала ашьклаԥшра рыҭахоит

Акоординациатә штаб аилатәарақәа руак аан аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит авирус аҽҟьара зыхҟьаз астудентцәа асоциалтә дистанциа ахьеиларгаз ауп ҳәа.

Ԥхынгәы 14 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтә илҩаан COVID-19 зманы уахь инагаз зегьы. Усҟан азы иазгәаҭан 38 хҭыс. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Ԥхынгәы 22 рзы авирус аҩбатәи аҿиара аиуит.

Авирус рыдбалан Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа апациенти Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿ ишьҭаз Ермантәыла атәылауаҩи.

Абри инақәырццакны ахҭыс ҿыцқәа рыӡбахә цәырҵуа иалагеит есыҽны. Ԥхынгәы 22 раахыс 19 акоронавирустә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп.

Убри аан, аоперштаб адыррала, ԥхынгәы 26 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент аинфаркт иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Уи уаанӡа акоронавирус зыдбалаз иоуп.

Авирус зыдбалоу реиҳараҩык ахәышәтәырҭақәа рҳақьымцәа роуп. Абас ала, апандемиа иаалагазар ареспубликаҿ 57-ҩык COVID-19 ачымазара рцәа ишалоу шьақәырӷәӷәоуп.

Ԥхынгәы 27 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчареи Роспотребнадзори рхаҭарнакцәа рделегациа аекспертцәа атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа азгәарҭеит, имҩаԥырго аҭҵаарақәагьы жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәоит ҳәа ахырҳәааит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Аекономиказы иҟалаз ахҟьа-ԥҟьақәа 

Ҳәараҭахума, аԥкрақәа атәыла аекономика ааха ӷәӷәа арҭеит. Аамҭаказы аус зымуаз анаплакқәа уажәшьҭа аус рулар ҟалоит, аха атуристтә сектор аобиектқәа иахьа уажәраанӡагьы аус рызуам.

Аԥсны шаркыц иаркуп: ԥшьымз раахыс аҳәаа ахысра ԥкуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны шаркыц иаркуп: ԥшьымз раахыс аҳәаа ахысра ԥкуп

Зегьы азыԥшны итәоуп Москва, ԥхынгәы 28 рзы имҩаԥысраны иҟоу Акоронавирустә ҿкы аламырҵәаразы аоперативтә штаб аилатәара. Убраҟоуп иахьыӡбахо Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа хәыҷы-хәыҷла аартра азҵаара.

Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы ԥхынгәы 20 рзы имҩаԥысыз аиԥылараҿы атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иазгәеиҭон, атәылаҿы 25 нызқь иараҭыԥ шыҟоу, урҭ реиҳаракгьы хаҭалатәи асектор иатәуп. Убри аҟнытә акурорттә сезон ахьыҟам азы аԥсшьаҩцәа раара хашәала мацарас измаз ауаа даара ауадаҩрақәа рымоуп.

"Ауаа ргәабзиара зегь реиҳа ихадароуп, ҳәарада, аха урҭ рмазарабзанхарагьы акраҵанакуеит. Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа раара ҳаԥсы ҭакны изку ауп, уи ада ԥсыхәа ыҟам, ҳекономика иароуп ԥхьаҟа изго", – иҳәеит аминистр.

Иара агәыӷра ааирԥшит аԥсшьаратә сезон аартхап ҳәа, аҳәааҿы иахәҭоу агәаҭарақәа рахысра аԥҟарақәа ирықәныҟәаны, COVID-19 шумам азы ашәҟәқәа еиқәыршәаны уҳәа.

Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы дықәгылауа афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит ԥсыхәа змамыз аԥкрақәа рымшала иахьазы абиуџьет иагхаз аԥара 320 миллион мааҭ инареиҳауп ҳәа. Уи адагьы, атәылаҿы ԥхынгәымзазтәи атәанчахәқәа ршәара акыр иагханы имҩаԥыслоит.

Рашәарамза алагамҭазы Апарламент адепутатцәа ирԥылаз Аԥсна ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара аихшьалақәа ҟаиҵеит, иагьиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа азыхиоуп ҳәа акризис иахҟьаны Аԥсны абиуџьет иаиуа ацәыӡқәа рхарҭәаара.

Монета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа: COVID-19 иахҟьаны Аԥсны иаиуз ацәыӡқәа Урыстәыла иханарҭәаауеит

Атәылаҿы афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ ахьыҟалаз иахәаԥшны Аминистрцәа Реилазаара иалнакааит абиуџьет ԥарақәа аԥхьа инаргыланы иахьышьҭтәу ахырхарҭақәа. Урҭ ируакхеит: акоронавирус аламырҵәаразы аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара,  ауалафахәқәеи атәанчахәқәеи ршәара, адәахьтәи ауалқәа ршәара, аҳәынҭқарратә ҭахрақәа реиқәыршәара. 

Атәылаҿы иҟоу акризис иахҟьаны анапынҵатә ԥарақәа разымхарагьы унырыртә иҟалеит, абанкқәа рҿы аамҭа-аамҭала иааныркылоит аҳәаанырцәтәи аԥаратә хсаалагақәа аԥара аҭыгаразы рхархәара.

Асоциалтә-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиԥылараҿы иқәгылаз Аԥсны абанк ахада Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит аекспорт иазхьаԥшны иҟоу Аԥсны аекономика атуристцәа раара акырӡа иахьыԥшуп ҳәа, убри аҟнытә аԥхынразы аҳәаа аркра анырра ҟанамҵар ауамызт.

"2020 шықәса хәымзтәи афинансқәа реиҭанеиааира анализ иаҳнарбеит, хәымз рыла атәыла ишаланагалаз иааидкыланы жә-миллирдк мааҭ инарзынаԥшуа", - иҳәеит иара.

Иара абри аамҭала атәыла иҭыҵны ицаз апара 11 миллиард мааҭ инареиҳауп ҳәа адырра ҟаиҵеит Бараҭелиа.

"Аҳәаа ахьарку азы анаплакытә сектор акыр ишьшьылаҳахеит, аԥара иҟазгьы ҩ-миллиардк рыла еиҵахеит. Аԥсназы ари даара ирацәоуп, ҳәара аҭахума, ари аекономика ианымԥшыр ауамызт, абанктә системагьы анырра анаҭеит. Ауаа аԥарарҳаразы аҭагылазаашьа рымам, убри аҟнытә ҳԥара иагхеит", – иҳәеит Бараҭелиа.

Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Асоциалтә-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хатуна Шаҭԥҳа илыԥхьаӡоит 2020 шықәсазы Аԥсны асоциалтә-економикатә ԥеиԥшс иаиуа зхьыԥшу афакторқәа рацәоуп ҳәа. Раԥхьаӡагьы инаргыланы, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахо еиԥш ишьақәгылоит лҳәеит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0