Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иацу аԥкырақәа нанҳәа 4-нӡа рыҿҳәара иацҵоуп

© Sputnik Таможенный контроль на КПП Псоу
Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапы зҵаиҩыз аусдҵа шьаҭас иамоуп Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб ԥхынгәы 27, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбара.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы иҟоу аԥкырақәа нанҳәа 4-нӡа рыҿҳәара днахеит.

Абри атәы зҳәо аусдҵа кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҟны.

Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Даҽа фҩык ауааԥсыра акоронавирус рцәа ишалоу ааԥшит Аԥсны

Уи инақәыршәаны, Аԥсны атәылауаҩра змоу рыуацәа, ма рхылаԥшцәа рбарц азы знык ҳәа Аԥсныҟа иаауа ахәаанырцә тәылауаа, ма атәылауаҩра змам ахаҿқәа аҳәаа рахысраан COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы рыцымзар ауеит.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 63-ҩык ауаа. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0