Гагра акоронавирустә ԥкрақәа ирҿагылаз амитинг мҩаԥган

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаМитинг в Гагре
Митинг в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь Енвер Қапба ихьӡ зху ашҭаҿы еизеит ҩаижәижәаҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Урҭ рыбжьара иҟан аҳәаа аарттәуп ҳәа зҳәоз, иара убас асоциалтә цхыраара зҭахыз ауаа.

ГАГРА, ԥхынгәы 29 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион ауааԥсыра ақалақь агәҭа заанаҵ еиҿкаамыз амитинг мҩаԥыргеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы аԥкрақәа рыҿҳәара ацҵара инамаданы.

Иҟан аҳәаа аарттәуп ҳәа зҳәоз, иҟан асоциалтә цхыраара зҭахыз.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаГагра акоронавирустә ԥкырақәа инарыдҳәаланы амитинг мҩаԥган
Гагра акоронавирустә ԥкрақәа ирҿагылаз амитинг мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Гагра акоронавирустә ԥкырақәа инарыдҳәаланы амитинг мҩаԥган

"Сара есымза ахәыҷы Адлер дганы ианализқәа асҭалароуп. Знык аҳәаа ахысразы азин схы иасырхәахьеит. Аҳәаа аадмыртыр, схәыҷы игәабзиара ашәарҭа иҭагылоит", - лҳәеит Екатерина Жданова-Барцыц.

Зықәра иҭысхьоу ауаа ирҳәоит рҭаҵәахқәа шынҵәаз, уажәшьҭарнахыс иҟарҵара шырзымдыруа.

"Сара ибзианы еилыскаауеит ганкахьы мацарала аҳәаа аартра акгьы шаанамго, аганқәа рыҩбагьы еиқәшаҳаҭзар шакәу. Уажәы ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара иацло иалагеит. Уи шәарҭоуп, аха ԥарада-шьарада узланхарызеи. Атәыла анапхгара исарҳәарц сҭахуп уаҵәы ҳаззыԥшыша, социалтә дгыларак ҳауоу иаҳмоуоу", - лҳәоит Елена Иволгина.

Гагра араион анапхгареи араионтә еизара адепутатцәеи амитинг алахәылацәа ирҳәаз иазыӡырҩит, ирҳәеит ганкы мацара асеиԥш иҟоу азҵаарақәа шазымыӡбо. Араион ахада Иури Хагәыши еизаз иреиҳәеит рҭахрақәа атәыла ахада иҟынӡа ишнагахо.

"Амитинг иалахәыз аҳәаа аартра, аибашьра аинвалидцәа, ахәыҷы рацәа змоу, зылшара ԥку аҭаацәарақәа асоциалтә цхыраара рыҭара аҭахуп ҳәа рҳәоит. Иазгәасҭоит хымз рыҩнуҵҟа Гагра араион ахадара изныкымкәа асоциалтә цхыраара шыҟанаҵахьоу. Еснагь ҳазыхиоуп ажәлар ражәа азыӡырыҩрра, аха иахьатәи аҭагылазаашьа мышкала иузыӡбо акакәым. Ауаа ирҳәаз ахада илымҳа аҟынӡа инагахоит. Агәра згоит иахьатәи аҭагылазаашьа шыӡбахо, амала аамҭеи аилкаареи аҭахуп", - иҳәеит араион ахада.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инамаданы ԥхынгәы 29 рзы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Бжьаниа иазгәеиҭеит атәыла анапхгара иҟоу аҭагылазаашьа бзианы ишеилыркаауа, аҳәаа ахьаркугьы ажәлар рыбзазара ианаҭо анырра шырбо, аха аԥыжәара зырҭо атәылауаа ргәабзиара шакәу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иацу аԥкырақәа нанҳәа 4-нӡа рыҿҳәара иацҵоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0