Ареспубликатә хәышәтәырҭа иузахмырԥо акардиологиатә цхыраара зҭаху ауаа аднакылалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница.
Республиканская больница. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа акардиологиатә ҟәша аркуп мызкы ҳәа уи аҩнуҵҟа акоронавирус зцәа иалаз апациентцәеи аҳақьымцәеи анаарԥшха ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Ԥхынгәы 31 инаркны акардиологиа аганахьала хырԥашьа змам ацхыраара зҭаххо апациентцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа иаднакылалоит ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. 

Уаанӡа Аҟәа ақалақь ахадара Агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа илҳәахьан Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа акардиологиатә ҟәша аусура хырԥашьа змам ацхыраара зҭаххо апациентцәа рыдкылара мацара шакәхо иззырхахо, егьыс планла ауаа рыдкылара шаанкылоу.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура иара убас усҟан адырра ҟанаҵеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәшаҟны COVID-19 зыхьны иҟаз дахьышьҭаз азы ишаркхо.

Ԥхынгәы 22 рзы еилкаахеит акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа ҩба шыҟалаз, ачымазцәа рыҩџьагьы Аҟәа ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭеи Ареспубликатә хәышәтәырҭеи рҿы ишьҭан. Ԥхынгәы 29 рзынӡа иаарԥшын акоронавирус зыхьуа 31-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит амиокард аинфаркт аҟынтәи.

Аоперштаб адыррақәа рыла зынӡа Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу 71-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0