Аҳәаа аадыртижьҭеи Аԥсныҟа иааит хә-нызқьҩык инареиҳаны ауаа

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-аурыс ҳәаа аартын асабша, нанҳәа 1 азы. Уи ахысразы аԥкрақәа алагалан ԥшьымз раԥхьа, акоронавирустә ҿкы алаҵәоит ҳәа ашәарҭара ахьыҟаз аҟынтә.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Нанҳәа 2 асааҭ 08:00 рызтәи аамҭазынӡа аԥсуа-аурыс ҳәаа аартра ашьҭахь Аԥсныҟа иааит хә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Шәачатәи аҳазалхра апресс-маӡаныҟәгаҩ Марина Жупанова.

Заур Шалашава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьалашьаа еиҭеиҳәеит аҳәаа аартра аекономика аҭышәынтәалара аналнаршо атәы

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицеит ҩ-нызқьи бжаки раҟара ауааԥсыра.

Аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысит ҩ-нызқь раҟара автотранспорттә хархәагақәа. Урҭ рахьтә Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааит 1243 машьына, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа – 664.

Шәачатәи аҳазалхырҭаҿы иара убас иазгәарҭеит нанҳәа 2 инаркны Аԥсныҟа аекскурсиатә автобусқәа шдәықәло.

Акоронавирус иахҟьаны иалагалаз акарантин иахҟьаны ԥшьымз раахыс иаркыз Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа шаартхо еилкаахеит нанҳәа 31 ауха, уи атәы аанацҳаит Акоронавирус аҿагыларазы Урыстәыла аоперативтә штаб.

Нанҳәа 1 азы Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин аусԥҟа инапы аҵаиҩит аурыс-аԥсуа ҳәаа нанҳәа 1 инаркны аартразы.

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аԥкрақәа зегьы раԥыхразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0