Гәдоуҭа асанитартә ҳақьым хада: агоспиталь аҟны аҳақьымцәа азхом

© Фото : Рада АжибаГудаутская больница
Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа аҳәамҭа ҟаиҵеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь усура ҳәа ацара зегьы ишырҭахым.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны аҳақьымцәа разымхара апроблема ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik Аԥсны аҟны илҳәеит Гәдоуҭатәи араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанба.

Уаанӡа абри атәы ароблема атәы далацәажәахьан Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа. Иара иажәақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны аусура амедикцәа зегьы ирҭахым.

КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Аҳәаа аадыртижьҭеи Аԥсныҟа иааит хә-нызқьҩык инареиҳаны ауаа

"Ааи, ус еиԥш ианыҟалогьы ыҟоуп. Уажәы ҳџьабаа рацәоуп. Ҳаԥхьаҟа аҭагылазаашьа еицәахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Шәаргьы еилышәкаауеит сгәахәуеит ачымазцәа рхыԥхьаӡара иацлар, абригадақәагьы рхыԥхьаӡара еиҳахароуп. Агәабзиарахьчара аминистрра аҿаԥхьа дҵас иқәгылоуп ахәышәтәырҭа анҭәу аҭагылазаашьа иақәшәо мызкытәи аграфик ашьақәыргылара", – иҳәеит Ҷанба.

Лара лажәақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 аҟынтәи рҽырхәышәтәуеит аҳақьымцәагьы.  

"Иахьа ҳара ҳҿы 22-ҩык шьҭоуп, урҭ рахьтә ҩыџьа - рҭагылазаашьа бжьаратәла иуадаҩуп. Урҭ рыбжьара амедицинатә усзуҩцәагьы 5-6-ҩык ыҟоуп", – лҳәеит лара.

Гәдоуҭатәи асанҳақьым хада ԥхьаҟа иҟало азы лгәы ҭынчым, избанзар аԥсуа-аурыс ҳәаа аартра ашьҭахь ичмазцәоу аанагар алшоит. Аха ус иҟалар, агоспиталь аҿы ихиоуп.

"Ахәшәқәеи иҷыдоу амаҭәеи ҳазхоит. Гәдоуҭа уахи-ҽни аус зуа ҭел ыҟоуп, аус ауеит. Аполиклиникагьы аусурамш роуны иҟоуп", – ҳәа азгәалҭеит Ҷанԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, ичмазаҩхаз рыхәҭак ртәы ԥхынгәы 22 рзы зыӡбахә еилкаахаз акоронавирустә пациентцәа ирныруаз роуп.

"Акоронавирустә цәқәырԥа макьана иаанкылаӡам, иахьа уажәраанӡа ичмазаҩхаз ирныруа ауаа рышьақәыргылара ҳаҿуп. Иазгәасҭарц сҭахуп ҳауаажәлар ҭакԥхықәрада рхы шымҩаԥырго. Аҽыԥхьакраҿы аҟазаара рҭахым", - лҳәеит лара.

Гәдоуҭа асанитартә ҳақьым хада Аԥсны атәылауаа ирабжьылгеит рхы иацклаԥшларц: рнапқәа лассы-лассы ирыӡәӡәаларц, ахыбрақәа рыҩнуҵҟа асабрадақәа рхарҵаларц, ааӡәи-аӡәи рыбжьара ҩба-ҩба метра ыҟазарц, ауаа рацәа ахьеизо имнеиларц.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 98-ҩык акоронавирус рыхьхьеит, урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахахьеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0