Гагратәи ахәышәтәырҭа акарантин ахь ицеит COVID злаз ачымазцәа анрыдҵаала ашьҭахь

© SputnikГагрская районная больница
Гагрская районная больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыхьхьеит ҳәа 98-ҩык ауааԥсыра аарԥшуп.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа акарантин ахь ицеит COVID злаз ачымазаҩцәа анрыдҵаала ашьҭахь, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

"Мчыбжьык аԥхьа Урыстәылантәи иааз ҩыџьа ршоура халаны ҳара ҳҿы иҟан. Урҭ ирзыҟаҵеит УЗИ, КТ, нас атест рзыҟаҳҵеит. Урҭ рҭаацәа ирныруан, зынӡа 10-ҩык. Урҭ рҭаацәагьы ртестқәа акоронавирус шрылоу аадырԥшит. Убри азы акарантин алаагалеит ҳхәышәтәырҭаҟны", – иҳәеит.

Ахәышәтәырҭа аполиклиникатә ҟәша аркуп, аус зуа астационар заҵәык ауп, уа хырԥашьа змам ацхыраара зҭаху роуп ирыдыркыло, иара убас аинфекциатә ҟәша. Ашоура змоу апациентцәа иаразнак аинфекциатә ҟәшахьы ииаргоит, уа акоронавирус азы анализ рымырхуеит. Уи шрылоу шьақәырӷәӷәахар, апациент Гәдоуҭатәи COVID-центр ахь дрышьҭуеит.

Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа асанитартә ҳақьым хада: агоспиталь аҟны аҳақьымцәа азхом

Убри аан, Аргәын ишазгәеиҭаз ала, Гагратәи ахәышәтәырҭа иадҵаало усҟак ирацәам. Аха аԥсуа-аурыс ҳәаа аартра ашьҭахь Аԥсны акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара иаразнак иацлар ҟалоит.

"Ҳхы ҳаиҷаҳалароуп, ҳазхәыцроуп. Сгәанала, ачымазцәа рхыԥхьаӡара рацәаны иацлоит. Иҟоу апроблема ҳауаажәлар макьана ирзеилкаауам. Бааԥсык ахь ҳкылнагар ҟалоит", - иҳәеит Виачеслав Аргәын.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 98-ҩык акоронавирус рыхьхьеит, урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахахьеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0