Аԥснытәи аҟазауаа рҽазыҟарҵалоит Урыстәыла "Главгосэкспертиза" арҵаратә центр аҿы

© Foto / Министерство экономики РАСпециалисты из Абхазии пройдут обучение в учебном центре Главгосэкспертизы России
Специалисты из Абхазии пройдут обучение в учебном центре Главгосэкспертизы России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла "Главгосэкспертиза" анапхгара ирацәажәоуп Аԥснытәи аҟазауаа арҵаратә центр аҿы аргылара аусхк аганахьала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргарц.

АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Быжьҩык Аԥснытәи аҟазауаа Урыстәыла "Главгосэкспертиза" арҵаратә центр аҿы разыҟаҵара мҩаԥгахоит ҳәа аҳәоит Аекономика аминистрра асаит.

Аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа аҵарахь ирышьҭуа акандидатцәа дрыҿцәажәеит.

"Аҭакԥхықәреи апрофессионализми, хаҭабзиарала аусуреи шҳалшо аарԥштәуп. Шәара иус хаданы ишәыду - ишәоуз алшара ахархәароуп", - ҳәа лҳәеит Кристина Озганԥҳа акандидатцәа данрацәажәоз.

Аԥснытәи аҟазауаа арҵаратә центр аҿы разыҟаҵара азҵаара иалацәажәан Аԥсны аекономика аминистри Урыстәыла "Главгосэкспертиза" аиҳабы Игор Манылови Москва реиԥылараан рашәарамза алагамҭазы.

Урыстәыла "Главгосэкспертиза" арҵаратә центр – зыҩаӡара ҳараку акадрқәа ахьазыҟарҵо ҭыԥуп аргылара аусхк аганахьала. Арҵаратә центр апрограмма азырхоуп Урыстәыла "Главгосэкспертиза"  аекспертцәеи аусуцәеи реиԥш апроекттә еиҿкаарақәа, аргылара аҿаҵаҩцәа, ахатәхаҿқәа рыпрофессионалтә ҩаӡара ашьҭыхра.

Ажәабжьқәа зегьы
0