Адепутат Галустиан COVID-19 ихигар "агәабзиаратә маӡа" дазықәԥоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛевон Галустян
Левон Галустян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоперштаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иахьазы Аԥсны акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 109-ҩык ыҟоуп.

АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Адепутат Галустиан, COVID имоуп ҳәа здиагноз шьақәырӷәӷәахаз, Sputnik акорреспондент игәабзиара атәы изеиҭеиҳәеит.

"Зегь бзиоуп. Сгәабзиара ҭышәынтәалоуп", - иҳәеит иара.

Адепутати иҭаацәеи жәамшуп аҩны рхы ԥхьакны ирхыргоижьҭеи. Ахылаԥшра илҭоит аҳақьым-атерапевт Анжела Арчелиаԥҳа.

Уаанӡа ателеканал Абаза ТВ аҿы Галустиан иҳәахьан акоронавирустә ҟазшьак схы иадызбалом ҳәа.

"Жәамшуп аҩны ҳаҟоижьҭеит. Аӡә иахь ҳнеиуам, аӡәгьы дҳадаҳкылом. Сгәабзиара акәзар схы бзианы избоит. Ачымазара аҟазшьақәа акы схы иадызбалом", - иҳәеит иара.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент адепутатцәа руаӡәк COVID-19 идырбалеит

Нанҳәа 6 рзы Галустиани иҭаацәеи акоронавирус азы атестқәа ирхысроуп.

"Алла Иван-иԥҳа Белиаева (Аҟәа асанитар ҳақьым хада-аред.) илҳәеит ажәабатәи амш азы атест еиҭаҟаҵатәуп ҳәа. Уаҵәаы аҳақьымцәа рыбригада ҳазыԥшуп. Анцәа иҳәозар ачымазара шьҭахьҟа инхап", - иҳәоит Левон Галустиан.

Адепутат иҳәеит акоронавирус шааихигалак аконфиденциалра азин азы ақәԥара дшалаго.

"Сара исҭахуп еилыскаарц COVID-19 сымоуп ҳәа аинформациа рылазырҵәаз. Асеиԥш адырра маӡазароуп. Азакәан аӡбахә ануҳәо азакәан уқәныҟәозароуп", - иҳәеит иара.

Ԥхынгәы 29 рзы Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа Sputnik адырра аиҭеит адепутатцәа руаӡәк COVID-19 шимоу шьақәырӷәӷәоуп ҳәа. Убри аан уи ихьӡ ҳәамызт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0