Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иақәыӡбоит Белоруссиа ажурналистцәа раанкылара

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПротесты в Белоруссии
Протесты в Белоруссии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Белоруссиа алхрақәа рыӡбахә зҳәоз ажурналистцәа раанкылара иақәыӡбоит.

АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Белоруссиа амчрақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Минск имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа раан иаанкыло ажурналистцәа рхы рақәиҭтәразы.

"Иеиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рыла ҳара иҳауит адырра иаанкылоу дышрылоу зжурналисттә усура ателеилахәыра "Абаза-ТВ" аредакциаҿы ихацзыркыз ҳколлега Семион Пегов", - аҳәоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аҳәамҭаҿы.

Аԥсуа журналистцәа белоруссиатәи рколлегацәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит ажурналистцәа роужьразы иқәгыларц.

День памяти Андрея Стенина - Sputnik Аҧсны
Семион Пегов дахьыҟоу еилкаахеит

Семион Пегов – апоет, урыстәылатәи афедералтә телеканалқәа рырратә корреспондент, апроект WarGonzo аиҿкааҩ. Диит 1985 шықәса рзы. Иҩымҭақәа кьыԥхьын альманахқәа "Под часами", "Персона", "Современники". Пушкин ихьӡ зху афестиваль "С веком наравне-2008" алауреат, ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа р-Форум "Липки-2011"алахәыла. Семион Пегов 2008 - 2013 шықәсқәа рзы Аҟәа, ателекеилахәыра "Абаза-ТВ" аҟны аус иуан, "Нужная газета", "Чегемская правда", "Новый день" иҩымҭақәа ркьыԥхьуан.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ԥхынгәы 9 2020 шықәса раахыс ажурналистцәа Жәларжьаратәи рфедерациа анагӡаратә еилакы иалахәуп.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла шьаҭаркын 1968 шықәса рзы. 2019 шықәса рашәарамзазы апрофессионалтә еилазаара ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа ажурналисттә етика Ахартиа иалахәылахарц аӡбра аднакылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0