COVID-19 змоу Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациенти ԥсшьаҩыки Шәачаҟа иргеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантинный центр в Коммунарке
Карантинный центр в Коммунарке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 156-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 58-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Акоронавирус зцәа иалоу Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациентцәа руаӡәыки ачымазара здырбалаз аԥсшьаҩи рыхәышәтәразы Шәачаҟа иргеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аштаб аҟны ишазгәарҭаз ала, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент Шәачаҟа диагоуп идиагноз хада ала иҷыдоу амедицинатә цхыраара иҭаразы.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 46-ҩык ауааԥсыра, адиагноз COVID-19 изықәыргылоуп аӡәы. Ари апациент иаха Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭаҵан ачымазара аҟазшьақәа идбалан аҟынтә, авирус ицәа ишалоу шьақәырӷәӷәахеит иахьа алаборатортә анализ ала ", - ҳәа азгәарҭеит аштаб аҟны.  

Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 32-ҩык апациентцәа. Рыҩнаҟа илрыҩааит быжьҩык.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 156-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 58-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0