Ҩышәҩык апассаџьырцәа: Тҟәаԥсынтә Гагра иааит атуристтә ретро-дәыӷба

© Foto / Александра ДанелиаҬҟәаԥси Гагреи ирыбжьалаз аретро-дәыӷба
Ҭҟәаԥси Гагреи ирыбжьалаз аретро-дәыӷба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәаԥси Гагреи ирыбжьалаз аретро-дәыӷбала Аԥсныҟа иалааит ҩышәҩык инареиҳаны аҭыԥ ԥшӡарақәа збарц зҭахыз асасцәа.

Аҟәа, нанҳәа 15- Sputnik, Cаида Жьиԥҳа. Гагратәи авокзал аԥхьа иаанҿасит ҩышәҩык инареиҳаны Тҟәаԥсынтәи асасцәа аазгаз аретро-дәыӷба, нанҳәа 15 аҽны, ашьыжь.

Апассаџьырцәа ирԥылеит жәлар рыкәашарақәа рыла. Адәыӷба аусзуҩцәа иранашьан ашәҭқәа. Авокзал аҿы ныҳәан. Аретро-дәыӷба иалааз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Гагра араион анапхгара, акультура аҟәша аусзуҩцәа, ақалақьуаа гәыԥҩыуаак.

Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц асасцәа ирзеиӷьеишьеит изҭааз атәылаҿы ргәы иҭымҵо, ацәанырра шьахәқәа рызҭо аԥсшьараамҭа рхыргарц.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иазгәеиҭеит, хтәылаҿы атуризм аҿиараҿы ари ахҭыс аҵак ду шамоу.

Вокзал в Гагре - Sputnik Аҧсны
Тҟәаԥси Гагреи атуристтә ретро-дәыӷба рыбжьалоит

"Ари аретро-дәыӷба ҳтуризм арҿиараҿы асимволтә ҵакы амоуп. Агәра згоит ҳаԥхьаҟа аретро-дәыӷба Аԥсны егьырҭ акурорттә ҭыԥқәа рҿынӡагьы ицартә иҟалап ҳәа", - иҳәеит Хышба.

70-80-тәи ашықәсқәа рыстиль зныԥшуа, 11 вагон иҟоу, ҩ-ресторанк змоу амшын аԥшаҳәеи, ашьха ссирқәеи ирыбжьысуа адәыӷбала аныҟәара агәахәара унамҭар залшом, ҳәа азгәарҭон асасцәа.

"Адәыӷба аанҿасаанӡагьы иаҳбеит милаҭ маҭәала еилаҳәаз аҿар. Адәыӷба ҳанылбаа аԥсуа музыка абжьы ссири, ҳазхәаԥшуаз ашьха ҳаракқәеи исырҭаз ацәаныррақәа реиҭаҳәара сцәыуадаҩуп. Иахьа исымоу аамҭа схы иархәаны, Гагра ақалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа сырҭаарц сгәы иҭоуп", - лҳәеит асас Елена Новикова.

© Foto / Александра ДанелиаҬҟәаԥси Гагреи ирыбжьалаз аретро-дәыӷба
Ҩышәҩык апассаџьырцәа: Тҟәаԥсынтә Гагра иааит атуристтә ретро-дәыӷба - Sputnik Аҧсны
Ҭҟәаԥси Гагреи ирыбжьалаз аретро-дәыӷба

Апассаџьырцәа изларҳәаз ала, адәыӷбала аҳәаа ахысра даара иманшәалан, аамҭа рацәагьы аҭахымхаӡеит. Хықәкыла акурорт иаднаԥхьалаз атуристцәа рахьтә иҟан Лӡаатәи амшын аԥшаҳәа аӡбахә заҳаны уахь ицаз, убас Шлыпра, аӡиа Риҵа, иҟан Гагра ақалақь аҩнуҵҟа анаиааира згәы иҭазкызгьы.

Аретро-дәыӷба бжьазаауеит есыҽны. Тҟәаԥсынтәи амҩа иқәлоит ашьыжь 5.20 рзы, Гагратәи авокзал ахь ааира аамҭа арбоуп 10:10 рзы. Шьҭахьҟа идәықәлоит 19:55 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0