Нанҳәамза инақәыршәаны Аԥсны атауареикәыршара ҵыԥхтәи ашықәс арбагақәа рҟынӡа инаӡеит

CC0 / / Деньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр Александр Анқәаб Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба диԥылеит.

АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Нанҳәа 1 азтәи аҭагылазаашьазтәи Аԥсны атауареикәыршара иартәеит 13 миллиарди 823 миллион мааҭи планла 15 миллиарди 897 миллион мааҭи ахьарбаз иҳәеит Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Инаԥшьба иажәақәа рыла, аимпорт ахь инашьҭуп 10 миллиарди 54 миллион мааҭи рыхә, аекспорт акәзар - х-миллиардки 768 миллион мааҭи.

Убри аан иара иазгәеиҭеит атауареикәыршара планла иазгәаҭаз ацифрақәа раасҭа ҩ-миллиардк рыла ишеиҵоу. Аха 2019 шықәса абри аамҭа инақәыршәаны фактла аекспорти аимпорти уажәтәиқәа ираҟароуп.

2020 шықәсазы атауареикәыршара ҵыԥхтәи атауареикәыршара арбагақәа иреиҳахар алшоит аекспорт ахь ирышьҭуа тауарқәак рыбзоурала.

Инаԥшьба иазгәеиҭеит хазы игоу тауарқәак рырбагақәа:

  • 2020 шықәса раԥхьатәи бжьымз рзы аҵыҵындра аекспорт иацлеит 39 миллион мааҭ рыла 2019 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа, нанҳәа 1 аҟынӡа Аԥсны иалыргеит 274 тонна, иааизакны 2019 шықәса зегьы азы - 13 тонна;
  • апатырџьанқәа рекспорт иартәеит 740 тонна, аимпорт акәзар - 184 тонна ыҟан, 2019 шықәса абри аамҭа инақәыршәаны - 500 тонна раҟара;
  • араса аекспорт 2020 шықәса бжьымз рыла иартәеит 364 тонна, 2019 шықәсазы - 13 тонна.

Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ахантәаҩы иара убас иҳәеит бжьымз рыла имҩаԥгаз ахыԥхьаӡаларақәа зеиԥшла идыртәеит 938 мааҭ, планла 107 миллион мааҭ ахьарбаз.

"Акцизтә шәахтә ала ахыԥхьаӡаларақәа идыртәеит 102 миллион мааҭ, 107 миллион мааҭ - аимпорт азы аизгақәа, 237 миллион мааҭ - аимпорт азы аҳазалхратә баџь. Иаларгало атауарқәа рзы ахәԥсацҵа ашәахтә азы ашәарақәа идырьәеит 425 миллион мааҭ планла 510 миллион мааҭ ахьарбаз", - иҳәеит Инаԥшьба.

Аԥыза-министр иԥылараан иара убас аимпорттәи аекспорттәи тауарқәа реиқәыршәара, аҳазалхратә брокертә компаниеи атарифтә политикеи азҵаарақәа ирылацәажәон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0