Аԥсны АКХ ашәҟәы иҭаргалеит Бзыԥҭатәи аокруг аҟны иқәгылоу акандидатцәа

© Sputnik ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа имҩаԥгахоит цәыббра 13 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада аилатәараҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа рахь кандидатцәас ҳәа ашәҟәы иҭаргалеит Ҭимур Беиеи Ҭамаз Леибеи, нанҳәа 20 аҽны.

"Адепутатцәа ралхразы" азакәан ахәбатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны адепутатцәа, Аԥсны АКХ Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа рзы акандидатцәа ашәҟәы иҭаргалеит", - аанацҳауеит алхратә комиссиа.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы.

Аихшьаалақәа инарықәыршәаны:

  • Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҟны депутатс далхуп Алхас Ҳагба,
  • Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 аҟны – Алмасхан Барцыц,
  • Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟны – Гарри Кокаиа.

Аиҭалхрақәа азгәаҭоуп Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи кандидатс иахьықәгылаз. Рҩыџьагьы иазхоз абжьы рмоуит.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0