Аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны аиааира зго рыхьӡқәа лассы еилкаахоит

© SputnikГордость Абхазии
Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны агәадура" – анапхгаҩ ҿарацәа реицлаброуп, хықәкыс иамоуп абаҩхатәра злоу Аԥсны аҿарацәа ралԥшаареи адгылара рыҭареи.

АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Аԥыза ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" ахԥатәи ахыркәшаратә етап мҩаԥысуеит нанҳәа 21 рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ацхантәаҩы Милана Ҳашԥҳа.

"Афинал ахь иааит 25-ҩык аконкурсантцәа, дара зегьы хәҩы-хәҩыла еихшаны хә-гәыԥк аԥҵахоит. Анаҩс гәыԥцыԥхьаӡа еицырзеиԥшу дҵак рыҭахоит, ҩынҩажәа минуҭ ирҭагӡаны ираҳҭаз азҵаара иазку аилацәажәарақәа мҩаԥыргалоит. Анаҩс алахәцәа хаҭа-хаҭалатәи рықәгыларақәа ҟалоит, доусы изанааҭ зеиԥшроу ала атәыла асоциал-економикатә ҿиара аплан ҳадигалоит", - азгәалҭеит лара.

Афиналистцәа астажировка иахысуеит Урыстәыла аӡбарҭатә, азакәанԥҵаратә, ма анагӡаратә мчрақәа рҿы, доусы ишалихуа еиԥш.

"Ари аетап даара аинтерес аҵазаауеит, аҿарацәа рхаҭақәагьы ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп уи. Дара зегь еибадырит, еиҩызцәахеит, ҳаргьы иааиԥмырҟьаӡакәа дара ҳрымадоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашԥҳа.

Сандро Делба - Sputnik Аҧсны
Аҿар рфорум ҭагалан Аԥсны имҩаԥысыр ҟалоит

Афинал аҟны иалкаахоит аиааира згаз хәҩык, дара рыхьӡқәа ауаа ирыларҳәоит нанҳәа 25 рзы.

"Аицлабра асаит аҟны имҩаԥыслоит онлаин-абжьыҭара, нанҳәа 21 ҵхагәаны инаркны нанҳәа 24 ҵхагәанынӡа. Sputnik Аԥсны аконкурсантцәа рықәгыларақәа ишиашоу ицо аефир ала иддырбалоит Facebook аҿтәи адаҟьаҿы", - лҳәеит лара.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Аконкурс "Аԥсны агәадура" мҩаԥысуеит Москватәи, Урыстәылазегьтәи Апатриарх Кирилл иҟны Аҿар русқәа рзы ахеилак ахантәаҩы Инал Арӡынба иаԥшьгарала. Аконкурс аиҿкааразы аусдҵа жәабран 19 рзы инапы аҵаиҩит усҟан Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0