Жә-шықәса зхыҵуа ахәыҷы закәаншьаҭада Урыстәылантәи Аԥсныҟа дааргарц иаҿын

© Sputnik Таможенный контроль на КПП Псоу
Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зықәра намӡац Урыстәыла атәылауаҩ аҳәаахьчаҩцәа дрымбарц азы амашьына атәарҭақәа рыбжьара ахыза иқәыршәны дышьҭаҵаны аҳәаа дахыргоит ҳәа ргәы иҭан.

АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа зықәра намӡац Урыстәыла атәылауаҩ аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа иахыгара ахҭыс аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

2011 шықәсазы ииз ахәыҷы агәаҭаратә ҭыԥ "Адлер" аҟны амашьына лас Peugeot агәаҭараан дырбеит. Амашьына Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауан, уи атәарҭақәа рыбжьара ахыза иқәыршәны иҽыҵәахны дышьҭан.

Peugeot аныҟәцаҩ, Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс, аҷкәын иан лакәын, лара лхәыҷы закәаншьаҭада аҳәаа иахыгара мзызс иамоу иахәҭоу адокументқәа ахьимам азоуп лҳәеит.

Зықәра намӡац Урыстәыла атәылауаҩ иани иаби руаӡәк, ихылаԥшуа ма иааӡара зхахьы изгаз руаӡәы дицны аҳәаа дахысуазар, уи азы ицым иан ма иаб рҟынтәи ақәиҭтәратә шәҟәы аҭахӡам.

Зықәра намӡац Урыстәыла атәылауаҩ иани иаби руаӡәк, ихылаԥшуа ма иааӡара зхахьы изгаз руаӡәы дицымкәа аҳәаа дахысуазар, атәылауаҩшәҟәы ада иара имазароуп аҳәаа данахысуа аҿҳәара ахьарбоу, тәылас дахьцо ахьарбоу, зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа руаӡәк инапы зҵаҩу анотариус ишьақәирӷәӷәаз ақәшаҳаҭра.

Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи Аԥсны Аҳәынҭқаррахь 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысразы ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0