Анқәаб: Аԥсны аҵара аминистр идҵа аԥыххоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый день учебы учеников 2 школы
Первый день учебы учеников 2 школы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа адҵа ҟаиҵеит милаҭла иаԥсыуаау рхәыҷқәа аԥсуа школқәа рахь мацара ирыдыркылалар шакәу.

АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Милаҭла иаԥсыуаау актәи акласс ахь ицо рхәыҷқәа иаԥсыуам ашколқәа рахь рыдкылара алзмыршо Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа инапы зҵаиҩыз адҵа ҳтәылауаа рконституциатә зинқәа ирҿагылоуп, убри азы иаԥыххоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс, аԥыза-министр Александр Анқәаб иҟаиҵаз аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара иазгәеиҭеит ари адҵа ашәахьа, нанҳәа 24 рзы ишаԥыххо.

"Аҭаацәа рхаҭа азин рымоуп школс иахьырҭаху рхәыҷқәа рышьҭларц. Уи рылзмыршар зылшо мзыз заҵәык ауп - ашкол аҿы аҭыԥ аҟамзаар, уаҳа даҽакы рԥырхагамзар ауп ашкол алхраан, иахьҭаҩу аҭыԥгьы убрахь иналаҵаны.

Аԥыза-министр иара убас 65 шықәса ирҭысхьоу арҵаҩцәа аусурахь роумышьҭразы Асанепидемстанциа иҟанаҵаз абжьгарагьы ахҳәаа азыҟаиҵеит. Иара иазгәеиҭеит "аҳәынҭқарра урҭ рԥышәа иақәгәыӷуеит, ҳара иаҳҭахуп дара аҵара-ааӡаратә усура ашкол аҟны ицырҵар" ҳәа.

"Ашколқәа, еиҳарак ақыҭантәиқәа рҿы, арҵаҩцәа азхом. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҟны ақәра иадҳәалоу аԥкрақәа аӡәгьы иалеигалом", - инаҵишьит Анқәаб.

Асанепидемстанциа 65 шықәса ирҭысхьоу арҵаҩцәа рзы абжьгарақәа ҟанаҵеит аусурахь иҭымҵырц атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа. Аҵара аминистр Инал Габлиа ари апункт дақәшаҳаҭхеит. Убри аан аматематика, афизика, ахимиа рырҵаҩцәа азхом. Убри азы 65 шықәса ирҭысхьоу арҵаҩцәа зегьы рганахьала ари аҩыза аԥкра рзалагалом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0