Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа хәба азгәаҭоуп

CC0 / / Тест на коронавирус
Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 247-ҩык акоронавирус рыхьхьеит. Урҭ рахьтә ачымазцәа 101 игәы бзиахахьеит.

АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп хәҩык ауаа иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭаз 79-ҩык рахьтә, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иахьазы ишьҭоуп 15-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 14-ҩык акоронавирус шрыхьуа шьақәырӷәӷәоуп.

Аоперштаб адыррақәа рыла, згәы бзиахаз рахь иаҵанакуеит ахыԥхьакраҿы иҟаз жәҩык ауаа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0