Иреиӷьу аԥсшьара: москватәи аҭаацәа Пицундаҟа апутиовка иаиааит

© Foto / предоставлено Азаматом Багателия Вручение путевки на отдых в Пицунде
Вручение путевки на отдых в Пицунде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иреиӷьу аҭаацәаратә ԥсшьара" Аԥсны, ҷыдала иааугозар, "Акурорт Пицунда" атуристтә потенциал арҿиара иазынархоуп.

АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Акурорт Пицунда" аҟны хәыда-ԥсада аԥсшьаразы аршаҳаҭга роуит аицлабра "Иреиӷьу аҭаацәаратә ԥсшьара" аҟны аиааира згаз аҭаацәа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит акурорт ахаҭарнак Азамаҭ Багаҭелиа.

Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷқәа зцу атуристцәа рыбжьара еиӷьу ахырхарҭақәа хԥа ируакхеит Аԥсны

"Апроект "Иреиӷьу аҭаацәаратә ԥсшьара" абар ҩышықәсоуп еиҿаҳкаауеижьҭеи, ҵыԥх Аԥсны Атуризм азы аминистрра аделегациа злахәыз жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT аҟны раԥхьатәи апутиовка ҭаацәарак иранашьан. Сынтәа апандемиа иахҟьаны уи ацәыргақәҵа амҩаԥгара залмыршахеит", - ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа. 

Сынтәа апутиовка анашьара ацеремониа мҩаԥысит Москватәи Аԥсуа Диаспора аофис аҟны. Аиааира згаз рҭаацәара ажьырныҳәамзазгьы еилкааны иҳаман иҳәеит Азамаҭ Багаҭелиа. Ари апроект ҳаԥхьаҟагьы имҩаԥыргалоит, уи Аԥсны, ҷыдала иааугозар, "Акурорт Пицунда" атуристтә потенциал арҿиара иазынархоуп.

Москватәи аҭаацәа жәамш Пицунда хәыда-ԥсада рыԥсы ршьар рылшоит.

"Апутиовка иазԥхьагәанаҭоит аԥсшьарҭаҩнаҿы анхара, хынтә акрыфара-чара, атранспорт азы аԥара дара рхала иршәоит", - иҳәеит "Акурорт Пицунда" ахаҭарнак.

Азамаҭ Багаҭелиа ари аицлабра аԥҟарақәа ртәы еиҭеиҳәеит.

"Ҳара аицлабра шымҩаԥааго рылаҳҳәеит. Уи аԥҟарақәа ишырҳәо ала, Пицунда иааны зыԥсы зшьахьоу атурист Пицунда ақалақь асаит аҟны ифото ҭеигалоит, ақалақь азы игәаанагара аниҵоит, ихы-игәаҿы ишынхаз, цәаныррақәас изцәырнагаз уҳәа. Убри ашьҭахь акурорт асаит аҟны, мамзаргьы ҳара ҳсоциалтә даҟьақәа рҟны иҟаҳҵо азхьарԥшқәа рҟны алахәылацәа иҷыдоу анкета хадырҭәаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Уи ашьҭахь ари аицлабра иалахәу ауаа рбаза шьақәдыргылоит, автоматизациа зызуу асистема урҭ рызегьы ацифрақәа рананашьоит, нас автоматла урҭ рахьтә анаҩс аԥсшьаразы аршаҳаҭга заураны иҟоу ҭаацәарак алнахуеит.

Новый Афон - Sputnik Аҧсны
"Акадифаамҭа": атуристцәа аԥсшьаразы Аԥсны иалыркаауа аҭыԥқәа хәба

Арина Кузина Гаграҟа ԥсшьара дааит лыԥшәмеи ҩыџьа рхәыҷқәеи еицны 2019 шықәсазы. Усҟан Пицундаҟа ҽнак аԥсшьара ҳәа иҟан. Уа даара иргәаԥхеит азыҳәан, мышкызны ҳаауеит ҳәа иӡбаны ирыман.

"Ҳара акурорт авизиткақәа ҳган, уа ишаныз ҳбеит аицлабра "Иреиӷьу аҭаацәаратә ԥсшьара" шымҩаԥысуа. Уи ҳхы алаҳархәырцгьы ҳаӡбеит", - лҳәеит лара.

Атуристка ишылҳәаз ала, Пицунда рыҟазаара, Аԥсны зегь еиԥш, агәалашәара бзиақәа рзыннажьит.

"Аԥсабара ссир, асас изы згәы аарту ауаа уҳәа даара зегь ҳгәаԥхеит. Ажәакала, ҵыԥхтәи аԥсшьара ахаан иаҳхашҭуам", - ҳәа азгәалҭеит Арина Кузина. 

Ари аҭаацәа аицлабраҟны имаиааизҭгьы, уеизгьы Аԥсныҟа сынтәагьы иаауеит ҳәа ргәы иҭан. Иҵегьы заа иаауан, аха апандемиа рԥырхагахеит.

"Ҳара усгьы ԥсшьара Аԥсныҟа ҳаап ҳәа ҳгәы иҭан, аха ҳшақәымгәыӷуаз аиааира ҳгеит, уи ҳгәы даара иахәоит, аҽеидкылара ҳаҿуп. Пицундаҟа ҭаацәаныла цәыббра 4 рзы ҳнеиуеит", - лҳәеит лара.

Пицунда акурорт. 1968 ш. - Sputnik Аҧсны
Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон

Пицунда асовет уаа бзиа еицырбаз ԥсшьарҭа ҭыԥны иҟалеит ишаадыртызҵәҟьа. Акурорт аргылараз аӡбамҭа идикылеит абри аҭыԥ иацәыхарамыз адачаҿы зыԥсы зшьоз Никита Хрушьиов.

КПСС АК ахантәаҩи Михаил Бӷажәбеи еиҩызцәан. 1959 шықәсазтәи реицәажәарақәа руак аан Хрушьиов Пицунда акурорт ргылазар бзиоуп ҳәа иҳәеит. Ари аҭыԥ залихызгьы пицундатәи аԥсара аҟазшьа ҷыдазоуп.

Акурорт аргылара иалахәын х-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аусурақәа напхгара рылҭон Ҭамара Гыцԥҳа. Хрушьиов Аԥсныҟа дааиԥхьеит Москва архитектор хада, Аизара дуқәа рхан архитектор Михаил Посохин.

Архитекторцәа апроект хымш рыҩнуҵҟа аус адырулеит. Аԥхьанатә иазыӡбан акорпусқәа ааба рыргылара, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны быжь-корпуск ргылан.

Акурорт аргылара аламҭалаз ҷыдала иаразы иргылан Бзыԥтәи аихабетонтә зауад. Зынӡа акурорт аргылара аа-шықәса иадхалеит.

1967 шықәса рзы Акомпартиа аԥснытәи аобком амаӡаныҟәгаҩ Мџьыҭ Хәарцкьиа атрибунаҟынтәи ирылеиҳәеит асовет курорт ҿыц шаарту.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0