Аслан Бжьаниа ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Абхазии Аслан Бжания во время пресс-конференции.
Президент Абхазии Аслан Бжания во время пресс-конференции. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аихьӡара дуқәа.

АҞӘА, цәыббра 1-Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс ҿыц алагамҭа рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс алагара! Сынтәа даҽа аамҭак еиҧшымкәан зегь шәазыҧшын ари амш. Адунеи зегь зымҽхазкыз ачымазара иахҟьаны шықәсыбжак иеиҳауп шәара шәҵараиурҭақәа рахь шәымныҟәоижьҭеи, убри аҟнытә иахьатәи амш лымкаала иацуп агәхьаагареи агәыбылреи. Хымҧада сынтәатәи аҵарашықәс уаанӡатәиқәа излареиҧшым рацәахоит. Макьана иҳамазароуп агәҽанызаара, ҳрықәныҟәалароуп аҳақьымцәа иҟарҵо абжьгарақәа, аамҭала иаанаҳкылароуп бзиа иаабо ашколтә ныҳәақәа рымҩаҧгареи, аспорттә еицлабрақәеи. Зегь агәра ҳгоит арҭ ауадаҩрақәа лассы ишымҩасуа, ҳшазыхынҳәуа ҳзышьцылахьоу, усхк рацәала ибеиоу ашколтә ҧсҭазаара", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Ахада лымкаала дрыдныҳәалеит раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьапы еихызгаз ахәыҷқәа. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аҵарадырра аусхк аҳәынҭқарраҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра зҭатәу хырхарҭоуп ҳәа.

"Ҳашколқәа рҿы ауп иахьеиқәҳархо ҳбызшәа, иахьаҳааӡо аҧхьаҟатәи аҳақьымцәа, анџьнырцәа, аекономистцәа, аҧсуа ҳәынҭқарра уаҵәы напхгара азҭо аполитикцәа. Ҳабжьаратә ҵараиурҭақәа иахьатәи русура хымҧада ианыҧшуеит ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аҧеиҧш. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳарҵаҩцәа. Шәусураҿы ишәҧыло ауадаҩрықәа шмаҷымгьы, шәгәы ацәкамыршәкәан шәаҿуп аҿар рааӡара. Ишәдыруаз, аҳәынҭқарра анахгара рҟынтә еснагь адгылара шшәымоу", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.

Атәыла ахада аҵыхәтәаны ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аихьӡара дуқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0