Аԥсны ашколқәа рҿы аҵарашықәс иалагеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Первое сентября
Первое сентября  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аҵаратә процесс аиҿкаарахь аиҭакрақәа аланагалеит акоронавирустә инфекциа алаҵәоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны.

АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ашколқәа рҟны аҵарашықәс иалагеит цәыббра 1 азы.

Агәырӷьаратә цәаҳәа актәии 11-тәии аклассқәа мацара роуп иззеиҿкааз. Егьырҭ аклассқәа зегьы иаразнак рурокқәа рахь ицеит.

Аҟәа иаати азеиԥшҵараиуратә школқәа зегьы, ашкол №6 ада, уи аколлектив акарантин аҿы иҟоуп. Уи аадыртуеит цәыббра 7 рзы.

Ашколқәа зегьы рыҩналарҭақәа рҟны аҳауарыцқьагатә фильтрқәа гылазаауеит, рцәа иадымкьысло ашоурашәагақәа рыла ршоура ршәалоит.

Нанҳәа 17 рзы Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик атәыла аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа рҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рцәырҵреи ралаҵәареи иадҳәалоу ашәарҭарақәа рырмаҷра алзыршо аԥҟара-абжьгарақәа ҟалҵеит.

На уроке - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара хәажәкыра 18 рзы ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи, аспорттә секциақәеи, иреиҳау аҵараиурҭақәеи рҟны аҵаратә процесс аанкыларазы аӡбамҭа аднакылеит. Ашколтә каникулқәа хәажәкыра 30-нӡа инахеит, аха аҵарашықәс ацҵара уаҳа изалмыршахеит аԥкрақәа иахьрыцҵахаз инамаданы. Ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа заҵәык роуп аԥышәарақәа раҭара зылшаз.

Ԥхынгәы 1 инаркны Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа аусура алагара иақәиҭыртәит.

Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭало аԥсуа школқәа роушьҭымҭацәа ԥышәарада ирыдыркылеит адкыларатә комиссиа аӡбарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0