Нанҳәамзатәи аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи рыҭара иалагоит иааиуа амчыбжь азы

© Sputnik / Томас ТхайцукВыдача пенсий
Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи зауа рхыхьаӡара 46 нызқьи 42-ҩык инаӡоит.

АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Нанҳәамзатәи аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи рыҭара иалагоит иааиуа амчыбжь азы, абри атәы иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу азҭоз Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

"Атәанчахәытә фонд ахь аԥаранашьҭра инадҳәаланы аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи рымҩаԥгара ҳалагоит. Арахь иаҵанакуеит атәыла араионқәа. Аҟәа акәзар, амчыбжь анҵәамҭазы ашәарақәа нап рылаҳкуеит", - иҳәеит иара.

Аԥарашәара Аҟәа инаркны иалагоит избанзар ароуп еиҳа ирацәаҩны иахьынхо атәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи зауа.

"Уаанӡа иазгәаҭан ашәарақәа нанҳәа 25 инаркны ирылагоит ҳәа, аха иаҳзалмыршеит, Атәанчахәытә фонд ахь аԥаралагалара ахьылаҟәу азы", - иҳәеит иара.

Аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи зауа рхыхьаӡара 46 нызқьи 42-ҩык инаӡоит. Нанҳәамзазы ирзоушьҭхоит 92 миллион мааҭ рҟынӡа.

Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҵәахбанк атәанчаҩцәа даҽа х-офиск рҿы рымаҵ аулоит

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы аԥсуа тәанчахәы аҿҳәара иахыԥоит, урыстәылатәи атәанчахәқәа ршара аамҭа иақәшәом. Аҵәахырҭатә банк 30 нызқьҩык урыстәылатәи атәанчахәы рызшәаны иаалгоны аԥсуа тәанчахәқәа ршәара еиҭалагароуп. Иҟоуп ҩынтәны агәаран иқәымгыларц азы аурыс тәанчахәы иазыԥшуа. Иааидкыланы амза аҩныҵҟа 50 нызқьҩык рҟынӡа рымаҵ утәуп", - иҳәеит Бараҭелиа.

Иара еиҭеиҳәеит аамҭак иақәыршәаны атәанчахәқәа рахыԥхьаӡалара ззалымшо.

"Ирҳәоит зегьы мышкала атәанчахәы зырзоушәмышьҭуеи ҳәа. Мышкы ахы аҵыхәала 50 нызқьҩык атәанчахәы роурц инеир иҟало шәазхәыц. Акарточкақәа аныҟамыз аграфик алфавит ҳасабла ишьақәыргылан. Уигьы хымчыбжьа аамҭа агон", - иҳәеит иара.

Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит Аҵәахырҭатә банк мышкы аҩныҵҟа ҩба-хԥа нызқь иреиҳаны рымаҵ шазымуа, операционистк 70-ҩык рымаҵ аура шиқәшәо.
Аҵәахырҭатә банк аҿы ирҳәеит уаанӡа атәанчаҩы дахьҭаҩу аҭыԥ аҿы атәанчахәы иоуазар, уажәы ииҭаху аофис аҿы итәанчахәы игар шилшо.

Цәыббра 1 азы Аҵәахырҭатә банк аҳәамҭа ҟанаҵеит атәанчахәы аиураан агәаранқәа реиҵатәразы Амилаҭтә банк абжьагарақәа мҩаԥнагараны ишыҟоу азы.

Иазгәаҭан цәыббра 15 рҟынӡа ҩынтәны аоперациатә усуҩцәа рхыԥхьаӡара ишазырҳахо Аҟәатәи аофисқәа рҿы. Убасеиԥш аусурақәа мҩаԥгахоит егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0