Шәачатәи аҳазалхырҭа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы 500 рҟынӡа еилагара аанарԥшит

© Sputnik / Грецов КонстантинГраница России и Абхазии
Граница России и Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурорттә сезон аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа закәаншьаҭада еиҳарак иахыргарц рҽазыршәон арыжәтәи аҭҭыни раалыҵ.

АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Сынтәатәи ашықәс иалагазар 500 ус административтә зинеилагара аганахь ала ихацыркуп ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Граница  - Sputnik Аҧсны
Ашықәс иалагазар быжьҩык урыстәылаа ҵарҭышала аҳәаа ахыҵра рҽазыршәеит

Акурорттә сезон аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа закәаншьаҭада еиҳарак иахыргарц рҽазыршәон арыжәтәи аҭаҭыни раалыҵ ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Нанҳәа 1 аахыс аҳазалхра аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" амаҵзурауаа иаадыртит 81 ус, административтә зинеилагаразы (16 ус раан аилагара иамаҭәархеит аҭҭын аалыҵ, 32 ус – арыжәтә аалыҵ). Ашықәс иалагазар ихацыркуп 515 ус административтә зинеилагараз. 189 ус аҭҭын аалыҵ закәаншьаҭада аиагара аҽазышәара иазкуп, 137 ус арыжәтә аалыҵ закәаншьаҭада аиагара аҽазышәара иазкуп" ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысраан атауарқәеи атранспорт хархәагақәеи рганахь ала ацәгьоура афактқәа разгәаҭараан ихацыркуп 11 шьаус (ииасыз ашықәс аан – 4 уск).

Убри аан ф-уск хацыркуп ахәҭаҷ "Аҭҭын аалыҵ аконтрабандазы" инақәыршәаны, ирымхуп 3000 ҭоԥк асигарет, ззеиԥш хәыԥса 14 миллион мааҭ инаӡо.

Х-шьауск хацыркын аҳазалхратә шәарақәа рыҽрыцәхьакразы.

Шьауск хацыркын ахәҭаҷ "Анапынҵа ԥареи (ма) аԥаратә хархәагақәеи хыԥхьаӡара рацәала рконтрабанда" инақәыршәаны, илган 3,5 миллион мааҭ.

Иара убасгьы шьаус хацыркын аџьаԥҳаны закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара аҽазышәаразы (ирымхын 250 патрона ашәарыцага шәақь азы).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0