Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ирҳәеит аимҳәазы алаҵа аҟаҵара ианалаго

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация
Вакцинация - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәазы иаархәеит 11 000 хԥа-ԥшьба валент иҟоу алаҵа.

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Аԥсны аимҳәа иаҿагылоу алаҵа аҟаҵара иалагоит жьҭаара алагамҭа инаркны ҳәа Sputnik иазааицҳаит Агәабзиарахьчара аминистрра хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәазы иаархәеит 11 000 хԥа-ԥшьба валент иҟоу алаҵа. Иара раионцыԥхьаӡа ирзеихшахоит. Аџьба иҳәеит есышықәса 10-10 нызқьҩык ишырзыҟарҵо.

"Урыстәыла еиҳа заа иалагоит алаҵа аҟаҵара. Аԥсны жьҭаара алагамҭазы ҳалагоит. Алаҵа аныҟауҵалак ашьҭахь 14 мшы ааҵуаны ицәырҵуеит авирус иаҿагылоу ацәеижьҿагылақәа. Ари алаҵа знаало адуцәа роуп", - иҳәеит иара.

Аџьба иазгәеиҭоит алаҵа хатәгәаԥхаралеи хәыда-ԥсадеи ишыҟарҵо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0