Ҳааигәара иҟоу апоет: Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга рыҩтомк ҭыҵит

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра инамаданы ҩ-томкны иҩымҭақәа реизга ҭыҵит, атираж 500 цыра ыҟоуп.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Таиф Аџьба ҩ-томкны еиқәыршәоу иҩымҭақәа реизга ианылеит аԥсышәалеи урысшәалеи иаԥиҵахьаз арҿиамҭақәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аизга аиқәыршәаҩ Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Валентин Коӷониа.

Валерий Касландзия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Касланӡиа Таиф Аџьба изы: аԥсуа иаҳаҭар лазырҟәуа ацәажәарақәа ичҳауамызт

"Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иақәыршәаны иҩымҭақәа зегьы акьыԥхь иабарц азы аус аиҿкаара снапы ианырҵеит. Уи имариаз усмызт, избанзар ашәҟәыҩҩы иҭынхаз арҿиамҭақәа зегьы еизганы акьыԥхь иазырхиатәын. Убас еиҿкаатәын, дарбанзаалак аизга иаԥхьо автор ганрацәала уи деиликаартә еиԥш", - ҳәа азгәеиҭеит Коӷониа.

Иара иажәақәа рыла, аизга аҩтомк ианылеит ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа, апоемақәа, алакәқәа, аԥсшәахь еиҭеигаз аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа,  иара убас автор аурысшәахь еиҭеигахьаз ихатә ҩымҭақәа.

Аизга аҩбатәи атом аҿы иаагоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан Таиф Аџьба ииҩуаз имшынҵа, иҭаацәеи иареи еимырдоз асаламшәҟәқәа, автор изку агәалашәарақәа, иара убас иинтервиуқәа.

"Ари аизга аус анадызулоз, Таиф сааигәара дыҟазшәа, иаҳа ишеиӷьу сыҵаиҳәозшәа, сымҩақәиҵозшәа акәын сгәы ишабоз", - иҳәеит Коӷониа.

Аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Таиф Аџьба диит хәажәкыра 11, 1939 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан. 1962 шықәсазы иара Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет дҭалеит, уи даналга ашьҭахь, агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь", ажурнал "Ашколи аԥсҭазаареи", ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" рредакциақәа рҟны аус иуан, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алитературатә абжьгаҩыс дыҟан.

Поэт Таиф Аджба на сухумском причале. - Sputnik Аҧсны
Амҩа иқәуп Таиф Аџьба ицәаҳәа

Таиф Аџьба жәаба инареиҳаны аизгақәа дравторуп. Раԥхьатәи иеизга "Ажәеинраалақәа" ҭыҵит 1968 шықәсазы. 1989 шықәсазы, апоет 50 шықәса ихыҵра инақәыршәаны, акьыԥхь абеит иалкаау иажәеинраалақәеи ипоемақәеи реизга "Аныҳәаԥхьыӡ". Ари аизгазы иара 1998 шықәсазы ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа.

Таиф Аџьба аԥсуа хәыҷтәы литература даклассикуп. Иара икалам иаҵыҵит ахәыҷқәа гәыкала бзиа еицырбахьоу ажәеинраалақәа рацәаны.

Таиф Аџьба хабарда дыбжьаӡит жьҭаара 9, 1992 шықәсазы. Аҟәа иалахан иҟаз апоет ақырҭуа гвардееццәа иҩны ддәылганы дыргеит. Иахьа уажәраанӡагьы илахьынҵа еилкаам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0