Зажәа хьыршәыгәыз ашәҟәыҩҩы: Даур Занҭариа изы ажәа

© Foto / из архива семьи ЗантарияДаур Зантария
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵауа, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа дазааҭгылоит аԥсуа доуҳатә феномен Аԥсны аҳәаақәа рҭыгара илшеит ҳәа ззиҳәо апоет, апублицист Даур Занҭариа иҟазареи, иара убас иара ирҿиаратә мҩаҿы иҟаиҵаз анырреи ртәы.

Сара ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа ибзиаӡан дысгәалашәоит, уимоу, уи иреиӷьӡоу слитературатә рҵаҩцәа рахь дысшьоит… Саб, аабатәи аклассаҿ сантәаз, Ҷлоунтәи симан днеит ахәыҷқәа ирызку ажурнал "Амцабз" аҿы. Усҟан уи редакторс даман ҳашәҟәыҩҩы бзиа Алықьса Гогәуа.

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

Аредакциа ҳаныныҩнала, адкыларҭаҿы дтәаны акьыԥхьра даҿын уа аус зуаз Даур Занҭариа. Сара уи иаразнак дыздырит, избанзар ажурналқәа рҿы избахьан ифотосахьақәа иҩымҭақәа иахьырхагылаз. Саб уи аԥсшәа аниеиҳәа, иаразнак иара дааччан, сҟәаҟәа инапы нықәҵан ҿааиҭит: "Ари ашәҟәыҩҩы қәыԥш Аду иахь днажәгарц шәҭахызар акәхап, ԥыҭк шәаатәа, уи ауаҩы диҭоуп, дандәылҵлак, шәыҩназгалоит", - иҳәеит. Рацәак мҵыцкәа, уа иҩназ данаадәылҵ, ҳара ҳаҩналеит. Даур ишиҟазшьаз еиԥш, деиқәлафха ҳааибаирдырит Алықьса Гогәуеи ҳареи: "Аду, даҽа шәҟәыҩҩык дузааит, ари амчыбжь аҿар иртәуп!.."

Уаҟа сара сажәеинраалақәа сыддырԥхьеит, Алықьсагьы Даургьы даара сгәы рызҭарҵеит сҩымҭа хәыҷқәа, убри нахыс ирлас-ырласны сымҩахыҵуа салагеит урҭ рхәышҭаара ссир ахь!.. Ахаан исхашҭуам раԥхьатәи сповест "Агәы абжьы" ажурнал "Амцабз" аҿы ианназга, раԥхьаӡа Даур дшаԥхьаз, ишигәаԥхаз, Алықьса Гогәуеи усҟан ажурнал "Амцабз" аҿы маӡаныҟәгаҩыс аус зуаз Геннади Аламиеи деигәырӷьан аԥхьараз ишриҭаз, урҭ уи хномерк ишырнырҵаз, даара ишыргәаԥхаз, уимоу, уи ашықәсаз иҭыҵуаз ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа еидызкылоз ашәҟәы "Абырлаш" ишанырҵаз! Усҟан исхыҵуааз сара, жәибжь шықәса ракәын!.. Аха иахьагьы ихааӡа, иԥхаӡа сгәы иҭоуп Даур Занҭариа дшаҳԥылаз, уи нахысгьы шаҟа сырҿиара дацклаԥшуаз, сгәы азҭеиҵоз!.. Уи наҟ-наҟтәи усуп, анцәа исиҭар, иҵегьы инарҭбааны изҩышт…

© Foto / предоставлено Баталом КобахияАндрей Битов и Даур Зантария
Зажәа хьыршәыгәыз ашәҟәыҩҩы: Даур Занҭариа изы ажәа - Sputnik Аҧсны
Андрей Битов и Даур Зантария

Адунеи аҿы иҟоуп ашәҟәыҩҩцәа дуқәа, дара рыԥсҭазаара ианалҵлак ашьҭахь, зҩымҭақәа еиҳагьы аԥхьаҩцәа игәцаракны ирыԥхьо, аԥсҭазаара ҿыц рзаазыртуа, змилаҭтә литература инахыҳәҳәаны, адунезегьтәи алитературахь ршьаҿақәа анеихырго… Убарҭ дреиуоуп, иахьа шьҭа ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит, заа зыԥсҭазаара иалҵыз, изеиԥшны ҩ-бызшәак рыла, ԥсышәалеи урысшәалеи, ибзиаӡаны иҩуаз ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа. Уи ирҿиамҭақәа, иажәеинраалақәа, иажәабжьқәа, иповестқәа, ипублицистика, имшынҵақәа рыҟны иубоит, даара хара ицашаз ашәҟәыҩҩы адунеитә литература ишьапы шаалаиргылаз… Уи ажәеинраалақәа рыла акәӡам дышцәырҵыз, аха иџьоушьаша, аԥсышәала зынӡа быжьжәеинраалак роуп ииҩыз, аха урҭ абыжьбагьы аԥсуа классикатә жәеинраалақәа ирылаургылар улшоит хьаҳәа-ԥаҳәада!

Элеонора Когония и Даур Зантария - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны

Даур иажәеинраалақәа 2001 шықәсазы иҭыҵыз аԥсуа поетцәа зегьы ражәеинраалақәа знылаз "Аԥсуа поезиа антологиа" ианымлаӡеит, аха настәи аиҭаҭыжьраан рыгха дырҽеит уи аиқәыршәаҩцәа. Избанзар, асеиԥш иҟоу апоет, ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа рхыԥхьаӡара акәӡам изхәаԥштәу, хымԥада, урҭ рхаҭабзиароуп… Ҳара иҳамдыруеи ҳлитератураҿы ишыҟоу уи аҩыза аҿырԥшы, иаҳҳәап, Миха Лакрба иҭынханы иахьа иҳамоу х-жәеинраалак роуп, аха ахԥагьы иреиӷьӡоу апоезиатә рҿиамҭақәа рахь иаҵанакуеит ҳлитератураҿы.

Ашәаҳәаҩ ду Муслим Магомаев иашәақәа рзы аҟазараҭҵааҩцәа ирҳәон: "Он поставил знак качества!" ҳәа. Убасҵәҟьа рзуҳәар ҟалоит Даур ирҿиамҭақәа ҳлитератураҿы, еиҳаракгьы ироман "Золотое колесо" азы. Ари ароман урысшәала ауп ишҩу, аха араҟа еизгоуп ашәҟәыҩҩы уаанӡа аԥсышәала ииҩхьаз иажәабжьқәеи иповестқәеи рсиужетқәа, џьара-џьара дара шеибгоу иааганы, хәҭа-хәҭала ишаны, ишеибгаз ароман иагәылеиҵеит, иара иатәхеит, иацәахеит, иажьхеит… Избанзар урҭ рфабулатә еиҿыбаашьа дақәшәеит, иссирхеит ипритчатә хәыцшьа аманера, урҭ ирныԥшит автор иромантикатә цәаҩа, ибзиан еиҿыбааит амифи аҵабырги, уалагылоушәа, агәра угартә иаарыԥшуп аҭоурыхтә фактқәа, аԥсуа доуҳатә феномен аҵаулара ҳӡааирыԥшылеит.

Даур хәыцшьала дфилософын, иинтеллект ҭбаан, уи зегьы аныԥшит иара ироман, убри азоуп ҳаамҭазтәи аурыс сахьаркыратә культураҿы иреиӷьу ароманқәа рахь изыршьо иара иромангьы. Иаҳгәалаҳаршәап аурыс шәҟәыҩҩы бзиа, алитератураҭҵааҩы Марина Москвина астудентцәа данырԥылоз ишрабжьылгоз Селинджери, Бредбери, Ковали, Екзиуперии, Сароиани, Воннегути рҩымҭақәа реиԥш, ирызҿлымҳахарц Даур Занҭариа ирҿиамҭақәагьы… Избанзар, уи илшеит аԥсуа доуҳатә феномен Аԥсны аҳәаақәа рҭыгара, аҩымҭа ссирқәа рылхра, аурыс ԥхьаҩ изааигәатәра, иара ихаҭа иԥсҭазаароушәа рыҟаҵара…

Убри азоуп ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз аурыс литература аклассик Андреи Битов изиҳәахьаз: "Даур илахьынҵа адунеитә мчхара ду аҩаӡарахь дышьҭнахыр алшон", - ҳәа. Иара ихаҭагьы џьара иҳәахьан: "Сара иаԥысҵоит ҳаамҭазтәи аепос", - ҳәа. Ииашаҵәҟьан, уи дахьӡазҭгьы, илахьынҵа абасҵәҟьа иҵанамкызҭгьы, ԥсра зқәымыз аҩымҭақәа рзынижьуан ҩ-милаҭ литературак, аԥсуа литературеи, аурыс литературеи… Ашәҟәыҩҩы иҟыбаҩ, иинтуициа еилаӷьахьаз атрадициатә канонқәа ирҭысуан, ирыԥшаауан дара рзы аӡышхәа иаҩызаз ахақәиҭра, усҟан ироуан зышьҭыбжь уаҩ имаҳауаз апоезиа цқьа амҵәыжәҩақәа.

Циза Гумба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәымԥҳа: знык Даур Занҭариа иҩымҭақәа ирыԥхьаз - деиҭарзыхынҳәуеит

Ҳлитератураҿы иреиӷьӡоу афилософиа-лирикатә жәеинраалақәа рахь иушьартә иҟоуп Даур иажәеинраала "Сышә аӡә дасит…" Сара ари ажәеираала сацәыԥхамшьаӡакәа Баграт Шьынқәба илирикатә жәеинраалақәа рыгәҭа исыргылоит! Шәахәаԥш шаҟа иаԥсыуа жәеинраалоу, уи алагамҭазаҵәык абра иаазгоит:

Сышә аӡә дасит сыцәамҭаз,

Сгәылак иакәхап гәаагӡан:

"Дарбан ҭаха сызымҭаз?"-

Сыбжьы ҭысцеит сгәааӡан.

Даур иреиӷьӡоу иажәабжьқәеи иповестқәеи хымԥада иахьа ҳарҵагатә шәҟәқәа иргәылаҵатәуп, уаҵәтәи ҳҿар апроза цқьа, апроза бзиа иаҟәыблааны иҟамларц азы.

Сара исгәалашәоит уи иповест "Хылҵысаа раҳ" ҳаибашьра ҟалаанӡа, ҳанстудентцәаз ажурнал "Алашара" аномерқәа ианырныла, шаҟа ирласны аԥхьаҩцәа ирылаҵәаз, шаҟа иаҳгәаԥхаз, уи аԥхьаразы изакәытә гәараныз иҟаз! Нас абас иҟоу аҩымҭа ссир иахьа алитературазы ҳахрестоматиақәа изырными, уи ажәабатәи, ажәеизатәи аклассқәа ибзиаӡаны ирыҵанакуеит!

Иҟалап уажәшьҭа иаамҭазар, урҭ арҵага шәҟәқәа реиқәыршәаҩцәа, ааигәатәи ҳлитература, уи ихьыршәыгәханы иалаԥсоу иреиӷьӡоу арҿиамҭақәа уаҵәы игыло ҳҿар аԥхьартә, ирдырыртә аҭагылазаашьа рыҭара.

Даур Занҭариа ипоезиеи ипрозеи ибзиаӡаны ирныԥшуеит ихатә ԥсҭазааратә драма, илахьынҵа, аха урҭ рышәшьыра иҵамхеит илирикагьы, уи амра ашәахәақәа реиԥш ипрозагьы, ипоезиагьы ирылыҷҷоит, угәы арԥхоит…

Даур ирҿиаразы сыгәҭахәыцрақәа хыркәшо, ҳаԥхьаҩцәа ишәгәаласыршәар сҭахуп ҳашәҟәыҩҩы ԥсра зқәым даҽа иажәеинраалак алагамҭа, избанзар уи иара иԥсҭазаара, иара заа иҿахҵәаз илахьынҵа иагәыласоуп, иаҿахәуп…

Ааԥын ыҟан, аха уигьы сзымыхьчеит,

Аԥхын ыҟан, аха уигь сыцәцеит,-

Схәыцрақәа зегь абыӷь ҩежьқәа ирымаздеит,

Аха урҭгьы ҿышәшәаны икаԥсеит…

Ажәабжьқәа зегьы
0