Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла-НАТО аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа рырҭеит

© Foto / предоставлено МИД РАМИД Абхазии. Архивное фото
МИД Абхазии. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит акырнызқь аруаа, арратә техника хьанҭа, авиациа, ЕАА арра-мшынтә флот аӷбақәа.

АҞӘА, цәыббра 8– Sputnik. НАТО атәылақәа милаҭрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа рцикл "Достойный партнер 2020" (Noble Partner 2020) аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла адгьылҵакыраҿы имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа рганахьала Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит.

"Агәҭынчымра унаҭоит Қырҭтәыла арратә мчрақәа роперативтә зыҟаҵара аизырҳареи планла ишьақәырӷәӷәоу рмасштабқәа рыҭбаареи имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа рыбзоурала. Қырҭтәылатәи аруаа уи ала рылшарақәа дырҭбаауеит, аибашьратә операциақәа рымҩаԥгараҿ аԥышәа роуеит", - ҳәа азгәаҭоуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Иара убасгьы аминистрра ахаҭарнакцәа ргәаанагарала асеиԥш лассы-лассытәи инарҭбаау арратә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара апрактика Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашәарҭара иҭанаргылар алшоит. Уи шьақәзырӷәӷәо акәны иҟоуп 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥнагаз арратә агрессиа.

"Қырҭтәылеи иара Мрагыларатәи апартниорцәеи идеструктивтәиу рхымҩаԥгашьа иаҭакны аԥснытәи аган иагәҭакуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчареи ашәарҭадареи реиҿкааразы Урыстәылатәи Афедерациеи иареи рырра-техникатә усеицура арӷәӷәара амҩа анылара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иҟалар зылшо аибарххара аескалациаан аҭакԥхықәра нагӡа зқәыло Қырҭтәылеи, Еиду аштатқәеи, НАТО атәылақәеи ракәхоит ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0