Аԥсни Донбасси еизгоу ркомандақәа реиҩызаратә шьапылампыласра мҩаԥгахоит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Донецки еизгоу ршьапылампылтә командақәа реицыхәмарра Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазкуп.

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни Донецки еизгоу ршьапылампылтә командақәа реицыхәмарра мҩаԥгахоит аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы цәыббра 25 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥснытәи еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Гәыблиа.

Беслан Гублия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәыблиа еиҭеиҳәеит Аԥснытәи еизгоу акоманда аҽазыҟаҵарақәа ртәы

ДЖәРеи Аԥсни реиҩызаратә еицыхәмарра 2020 шықәса рзы ираԥхьатәиуп. Уи адагьы ари ахәмарра Беслан Гәыблиа изы зыҟаҵаҩык иҳасабала ираԥхьатәиуп.

"Макьаназ акоманда аилазаара инагӡаны ишьақәырӷәӷәам. Ашьапылампыласыҩцәеи ҳареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит, адҵақәа раҳҭоит. Ихәмарраны иҟоу рсиа ҳамоуп, аха макьаназ 90% рылоуп ишышьақәгыло", - иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Ахәмарра иалахәхом аҳәаанырцәтәи алигақәа рҟны ихәмаруа ашьапылампыласыҩцәа ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Макьаназ ҳлегионерцәа алаагалом. Аԥсны аҩныҵҟа ихәмаруа азҳархоит. Донецктәи акоманда иӷәӷәоу ҳәа иԥхьаӡоуп, аԥышәа змоу ашьапылампыласыҩцәа хәмаруеит", - азгәеиҭеит Беслан Гәыблиа.

Уаанӡа Аԥсни Донецки ркомандақәа Аҟәа хынтә аиԥылара мҩаԥыргахьан. Актәи ахәмарра мҩаԥган 2015 шықәса рзы. Ахәмарра хыркәшахеит Аԥсны аиааирала. Аҩбатәи ахәмарра мҩаԥысит 2017 шықәса рзы. Еиҭахарыла ихыркәшахеит. Ахԥатәи аиԥылара, 2019 шықәса рзы еилгеит ДЖәР аиааирала.

Ажәабжьқәа зегьы
0