АҶА аҟәатәи аҩнеихагылақәа руак аҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит

© Foto / МЧС РА7 сентября сотрудники пожарно-спасательного отряда г. Сухум провели дезинфекцию многоквартирного дома № 7 по ул. Воронова // Foto / МЧС РА
7 сентября сотрудники пожарно-спасательного отряда г. Сухум провели дезинфекцию многоквартирного дома № 7 по ул. Воронова // Foto / МЧС РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Аҟәа, Воронов имҩа аҩны №7 аҩналарҭақәа ҩба рҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Аҟәа, Воронов имҩа аҩны №7 аҩналарҭақәа ҩба рҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

© Foto / МЧС РААҟәатәи аҩнеихагылақәа руак арзҩыдара иахрыжьит
АҶА аҟәатәи аҩнеихагылақәа руак аҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҩнеихагылақәа руак арзҩыдара иахрыжьит

"Ҳара аминистрраҟынтә ашәҟәы ҳзаарышьҭит абри аҩны аҩналарҭақәа ҩба арзҩыдара рзыҟаҳҵарц. Иацы ҳадҵа наҳагӡеит. Актәи аихагыла инаркны ажәбатәи аихагылаҟынӡа, и ара убасгьы адәаҿы игылаз атәарҭақәагьы рырзҩыдара мҩаԥаагеит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Ишьақәыргылам адыррақәа рыла ара инхо ԥшьҩык ауаа COVID-19 рыдбалан.

© Foto / МЧС РААҟәатәи аҩнеихагылақәа руак арзҩыдара иахрыжьит
АҶА аҟәатәи аҩнеихагылақәа руак аҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҩнеихагылақәа руак арзҩыдара иахрыжьит

Аԥсны АҶА асаит аҿы иазгәаҭоуп арзҩыдара шрызуыз аихагылақәа жәбеи аҩны иаԥну аҵакыреи. Аусурақәа мҩаԥыргон хәҩык аусзуҩцәа.

Аматериал акьыԥхьраан Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым аиҳабы Алла Белиаева аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭара мап ацәылкит.

Ажәабжьқәа зегьы
0