АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара алхратә комиссиа аилазаара еиҿкаауп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит ақалақьтә еизара ахада Дмитри Маршьан.
Аԥсны ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы акомиссиа иалахәылоуп ақалақьтә еизара аҟынтәи хәҩык акандидатцәа, ԥшьҩык – ақалақь ахадара аҟынтәи.
"Макьаназ еиҿкаау акомиссиоуп. Ақалақьтә еизара аилатәараҿы акандидатцәа шьақәдырӷәӷәоит. Ҳара быжьҩык ркандидатурақәа ҳҳәеит, аха ҩыџьа мап ацәыркит. Ԥшь-кандидатурак ақалақь ахадара иҳадыргалеит", - ҳәа азгәеиҭеит Маршьан.
Зынӡа акомиссиа иалахәхеит жәҩык: Адгәыр Лагәлаа, Асҭамыр Матуа, Лана Цаава, Саид Сангәлиа, Алхас Џьынџьал, Асҭамыр Ашәба, Рисмаг Аџьынџьал, Ҳамида Қәпалԥҳа, Аслан Џьынџьал. Акомиссиа ахантәаҩы макьаназ ихьӡ ҳәам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Абҵарамзазы имҩаԥгахоит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа
Габниа: аҭыԥантәи адепутатцәа рымчра маҷӡам, ишахәҭоу рхы иадырхәар
АҞӘА, ажьырныҳәа 17-Sputnik. Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥгахоит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку анцәа имҵаныҳәара, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа).
Арҭ амшқәа рзы ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа аныҳәарақәа Аӡаахра иадҳәалоуп. Ажәытәан Иаса Қьырса иирагьы иӡӡаахрагьы мышкы иазгәарҭон. Иара ихазы аҽӡаахра ԥсыхәа амамкәан иҟамызт. Аӡы иҽӡааихит, иҽҭишьит, уи ала адунеи аӡқәа зегьы ррыцқьаразы. Ари аныҳәазы ишыхьҭоугьы, изылшо, згәы иаҭаху аӡы иҭалоит ҩнуҵҟалагьы, цәеижьлагьы аҽрыцқьаразы.
Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп.
Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.
Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аҟәа адендропарк аҿы икаҳаз аҵла афымцацәаҳәақәа хәба аԥхасҭа рынаҭеит, уи иахҟьаны Синопи Турбазеи рыбжьара иҟоу араион фымцалашарада иаанхеит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".
Иазгәаҭоуп аԥхасҭа шроуз 10-тәи, 11-тәи афидерқәа (аихшарҭатә цәаҳәақәа - азгә.).
Аҭыԥ ахь инеит амашәыр ахҟьаԥҟьақәа аԥызхуа абригадақәа, афымцалашара амҽыша асааҭ 15:00 рҟынӡа еиҭашьақәдыргылоит рҳәеит.