Sputnik аҟны иалацәажәараны иҟоуп Пицунда акурорттә сезон абжьараамҭатә еихшьаалақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Пицунде
Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхас Шамбеи Азамаҭ Багаҭелиеи еиҭарҳәараны иҟоуп Пицунда акурорттә сезон абжьараамҭатә еихшьаалақәа ртәы.

Цәыббра 11 асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысуеит Пицунда ахада Алхас Шамба, АУН ОП "Акурорт Пицунда" аменеџьер Азамаҭ Багаҭелиа, аиндаҭлара "Иреиӷьу ҭаацәаралатәи  аԥсшьара" аҟны аиааира згаз Москватәи аҭаацәара Кузинаа рыпресс-конференциа.

Алхас Шамбеи Азамаҭ Багаҭелиеи еиҭарҳәараны иҟоуп Пицунда акурорттә сезон абжьараамҭатә еихшьаалақәа ртәы. Москватәи асасцәа Аԥснытәи рыԥсшьараз ргәаанагарақәа ирылацәажәоит.

Апресс-конференциа иалахәуп:

  • Пицунда ахада Алхас Шамба;
  • АУН ОП "Акурорт Пицунда" аменеџьер Азамаҭ Багаҭелиа;
  • аконкурс аиааиҩцәа: Андреии Аринеи Кузинаа.

Амассатә-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5-тәи аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +7(940) 997-70-22, Рубен Миграниан.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: r.migranyan@sputniknews.com

Иара убасгьы шәара ишәылшоит апресс-конференциа алахәылацәа зинтерес шәымоу азҵаарақәа рышәҭарц Sputnik Аԥсны асоциалтә ҳа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы мамзаргьы аелектронтә ԥошьҭахь инашьҭны: r.migranyan@sputniknews.com.

Ажәабжьқәа зегьы
0