Аладатәи арратә округ амотохысцәа аекстремалтә ныҟәара мҩаԥыргеит

© Foto / Пресс-служба ЮВОЭкипажи современных БТР-82АМ ЮВО в горах Абхазии
Экипажи современных БТР-82АМ ЮВО в горах Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 200-ҩык рҟынӡа арратә база аррамаҵзурауаа, БТР-82АМ аекипажқәа рылархәны.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ амотохысцәа аекстремалтә ныҟәара мҩаԥыргеит аполигон Ҵабал аҿы амина ахьыҵаз адәқәа БТР-82АМ рыла ирхысуа ҳәа аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

Мызкы ахы-аҵыхәала ҷыдала еиҿкаау, аԥынгылақәа змоу автодром аҿы аруааи амотохысцәеи рдыррақәа ирыздырҳауан ҳаамҭазтәи акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82АМ рырныҟәаразы.

"Аекипажқәа аминақәа ахьыҵаз адәқәа ирхысуан, ацҳақәа ирықәсуан. Уи адагьы аруаа реилазаара аӡытә ԥынгылақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы акәылӡтәы транспортиорқәа рыла ируан, ашьха ҿҟьарақәа ирҿысуан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Абаратә ҭагылазаашьа анылаҟәыз ашҳам маҭәашьар ала ианжәылоз амеханик-ныҟәцаҩцәа аҭыԥ аҿы анеиҭаҵеиҭаҵра рҵон атехника априборқәа рхархәара мацарала.

Аҽазыҟаҵарақәа раан амотохысцәа аԥсыԥлагаҩагагатә аппаратқәа ИП-5 рыҭан, иара убасгьы арадиохимиатәии абиологтәии хьчагақәа рыла еиқәыршәан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0