АҞӘА, цәыббра 12-Sputnik. Аԥсны Жәлар Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иргаз Аиааира амши Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аиааира 75 шықәса ахыҵреи ирыдҳәаланы, цәыббра 22 асааҭ 13:00 рзы иаатуеит ацәыргақәҵа, абри атәы лҳәеит Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
"Ацәыргақәҵа еиднакылоит аҿыханҵа, аграфика, аскульптура ржанрқәа аазырԥшуа 70 усумҭа. Аиԥш зеиԥшу ацәыргақәҵа Аԥсны асахьаҭыхҩцәа реидгыла есшықәса имҩаԥнагоит. Шықәсқәак раԥхьа ишьҭаҳхит атема, аԥсуа сахьаҭыхҩцәа рырҿиамҭақәа рҿы аибашьреи аҭынчреи ҳәа. Уажәтәи ацәыргақәҵа еиҳа аҭоурых аныԥшуеит", - азгәалҭеит лара.
"Асахьаҭыхҩы. Аамҭа. Агәалашәара" еиднакыло аусумҭақәа ирныԥшуеит асахьаҭыхыҩцәа аамҭеи аҭоурыхтә хҭысқәеи ишырзыҟоу.
"Асахьаҭыхҩцәеи аскульпторцәеи русумҭақәа рыла аибашьраан имҩаԥысуаз еилызкаарц зҭаху ирылшоит ацәыргақәҵаҿ иааины уи аамҭа ҭырҵаарц. Амузеиқәеи агалереи рфондқәа рҟны иҵәаху аусумҭақәа цәыргахоит, дара ахәаԥшцәа ирымбеижьҭеи акрааҵуеит. Иаҳҳәап: Краиников иусумҭа "Иван абхазец", иҭыхын 1963 шықәсазы, Сергеи Ҵәыџьба еицырдыруа иусумҭа "Скрипка". Иара убас ицәыргахоит аскульптор Марина Ешԥҳа лусумҭа асолдаҭ иан лбиуст. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟынтә иаагоу ыҟоуп", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аусумҭақәа реиҳарак аҭоурыхтә аамҭак аныԥшуам.
"Аџьынџьтәылатәи ду аибашьреи аԥсуа жәлар реибашьреи рныԥшуеит хкы рацәала ицәыргахо аусумҭақәа. Дара зегьы темак еиднакылоит, уи аибашьроуп", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхҩы. Аамҭа. Агәалашәара" амҩаԥгара алыршахоит Аԥсны акультура аминистрра адгыларала. Аиҿкааҩцәа: Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереи. Иаартызаауеит жьҭаара 8 рҟынӡа.
Апроект аинформациатә дгылара анаҭоит Sputnik Аԥсны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, ажьырныҳәа 17-Sputnik. Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥгахоит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку анцәа имҵаныҳәара, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа).
Арҭ амшқәа рзы ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа аныҳәарақәа Аӡаахра иадҳәалоуп. Ажәытәан Иаса Қьырса иирагьы иӡӡаахрагьы мышкы иазгәарҭон. Иара ихазы аҽӡаахра ԥсыхәа амамкәан иҟамызт. Аӡы иҽӡааихит, иҽҭишьит, уи ала адунеи аӡқәа зегьы ррыцқьаразы. Ари аныҳәазы ишыхьҭоугьы, изылшо, згәы иаҭаху аӡы иҭалоит ҩнуҵҟалагьы, цәеижьлагьы аҽрыцқьаразы.
Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп.
Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.
Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аҟәа адендропарк аҿы икаҳаз аҵла афымцацәаҳәақәа хәба аԥхасҭа рынаҭеит, уи иахҟьаны Синопи Турбазеи рыбжьара иҟоу араион фымцалашарада иаанхеит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".
Иазгәаҭоуп аԥхасҭа шроуз 10-тәи, 11-тәи афидерқәа (аихшарҭатә цәаҳәақәа - азгә.).
Аҭыԥ ахь инеит амашәыр ахҟьаԥҟьақәа аԥызхуа абригадақәа, афымцалашара амҽыша асааҭ 15:00 рҟынӡа еиҭашьақәдыргылоит рҳәеит.