Аԥсны АКХ Апарламент ахь аиҭалхрақәа заанаҵтәи реихшьаалақәа шьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуан амҽыша, цәыббра 13 рзы.

АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны аиҭалхрақәа реихшьаалақәа шьақәнарӷәӷәеит.
АКХ адыррақәа инарықәыршәаны депутатс далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп 54,6% алхыҩцәа рыбжьы зауыз Ҭемыр Беиа.

Аиҭалхрақәа шьақәгыларц азы урҭ рхы рыладырхәроуп 25% алхыҩцәа.

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны аиҭалхрақәа 18:30 рзы ауаа рааишьа иартәеит 44,16% алхыҩцәа.

Аиҭалхрақәа азгәаҭан Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи кандидатс иахьықәгылаз, дара Аԥсны АКХ аҿы ашәҟәы иҭагалан нанҳәа 20 рзы.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы.

Аихшьаалақәа инарықәыршәаны депутатс иалхын:

  • Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҟны – Алхас Ҳагба,
  • Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 аҟны – Алмасхан Барцыц,
  • Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟны – Гарри Кокаиа.

Аиҭалхрақәа азгәаҭан Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи кандидатс иахьықәгылаз, рҩыџьагьы иазхоз абжьқәа ахьырмоуз азы.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0