Аԥсны ачарақәа рымҩаԥгара аанкылазарц ажәалагала ҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская свадьба
Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Александр Анқәаби алархәны акоординациатә штаб аилатәара.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа ауаа рацәа злаху аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара еиҭааныркылар алшоит, уи азы ажәалагала ҟаҵан акоординациоатә штаб аилатәараҿы.

Аиԥылараҿы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ажәалагала ҟаиҵеит, жьҭаарамза 5 инаркны ауаа рацәа злаху аныҳәатә уснагӡатәқәа, ачарақәагьы абрахь иналаҵаны, рымҩаԥгара аанкылазарц COVID-19 аламырҵәаразы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аԥкыра жьҭаара 1 инаркны иалагалазарц. Ари ажәадгала адгылара алҭеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Рашәара 15 инаркны Аԥсны иаԥырхит амассатә акультуратә, аспорттә, агәмырҿыӷьратә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, ачарақәагьы абрахь иналаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0