Астатистика, ашколқәа, аԥкырақәа: COVID аҿагыларазы аштаб злацәажәоз

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса.
Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит акоронавирус аҿагыларазы акоординациатә штаб аилатәара. Аилатәараҿы излацәажәози COVID-19 аҭагылазаашьеи – Sputnik аматериал аҿы.

Цәыббра 15 рзы Аҟәа имҩаԥысит Акоронавирус аҿагыларазы акоординациатә штаб аилатәара. Аштаб алахәылацәа алацәажәеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, амедусҳәарҭақәа рыхиазаара, акризис алмыршара реиԥш иҟаз азҵаарақәа.

Sputnik

Авирус астатистика

Аилацәажәараан Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа авирус адинамика аазырԥшуа астатистикатә рбагақәа ааигеит.

Иҟоу адыррақәа рыла Аҟәа 499-ҩык аҿкы рымоуп, Гагра – 44-ҩык, Гәдоуҭа араион – 71 хҭыс азгәаҭоуп, Очамчыра араион – 25, Гәылрыԥшь араион – 13, Тҟәарчал араион – 5.

Апандемиа ҟалазар Аԥсны быжьҩык ауаа ԥсхьеит, 7774-ҩык агәаҭара иахысхьеит.

Аминистр иҳәеит апандемиа аамҭазы 40 хҭыс атәыла иалагалаз роуп ҳәа.

Аҿкыра змоу рзы хазтәи аблокқәа

Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, цәыббра 15 азтәи адыррақәа инарықәыршәаны, Гәдоуҭа агоспиталь иҭоуп 67-ҩык апациентцәа. Хҩык рҭагылазашьа уадаҩуп, 18-ҩык бжьаратәуп. Аминистр иҳәеит агоспиталь 300 иара ишазырхиоу, арахь иҭәырц егьшагым.

Президент Аслан Бжания посетил гудаутскую ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо

"Ареанимациатә ҟәшаҿы арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппаратқәа ықәыргылоуп. Иуадаҩу ачымазцәа рзы иахәҭоу зегьы хианы иҟоуп", - иҳәеит иара.

Аҟәа ихыркәшахоит Аҿкырачымазаратә хәышәтәырҭаҟны аблок ҷыда аремонт. Уи ашьҭахь иалшоит акоронавирус аҟазшьақәа змоу 40-ҩык рҟынӡа апациентцәа рышьҭаҵара.

"Аҿкы змоу рхыԥхьаӡара иазҳауеит, убри азы ареспублика амедусҳәарҭақәа рҿы иаԥҵахоит хаз игоу аблокқәа, COVID-19 асимптомқәа змоу рыҭҵааразы. Иаахәатәуп ахәшәқәа, ахыхьчагатә хархәагақәа. Уи азы 5-миллионк мааҭ аҭахуп", - иҳәеит иара.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит абри азы иаҭаххо зегьы ианаамҭоу ишеиҿкаахо.

Амассатә уснагӡатәқәа мап рыцәкра

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аҭагылазаашьа аисберг ақәцәа иадылкылеит. Лара лгәаанагарала еиҳагьы ауадаҩрақәа ҳзыԥшуп. Амзызқәа ируакуп массалатәи ауснагӡатәқәа.

Аҭагылазаашьа еицәамхарц азы асабрадақәа рныҟәгара иалагатәуп ҳәа илшьоит Скорик.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ачарақәа рымҩаԥгара аанкылазарц ажәалагала ҟаҵоуп

"Аиҿкаарақәа рҟны ачымазцәа рыҟазаараан анапхгаҩцәа аусдҵала кабинетк аҿы ирыцтәоу аусуҩцәа зегьы 14-мштәи акарантин ахь ирышьҭыроуп", - ҳәа лҳәеит лара.

АЕМ анапхгаҩы лгәаанагарала аҳәынҭқарра иауалуп агәмырҿыӷьратә, аныҳәа-гәырӷьаратә массатә уснагӡатәқәа раанкылара, аԥсыжрақәа ауаа рацәа раламырхәра.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит аштаб алахәылацәа гәаанагарак шеицрымоу аԥкырақәа ралагаларазы. Арахь иаҵанакуеит ачарақәа, аныҳәақәа, аԥсыжрақәа.

"Атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рыхгьы иаарыкәыршан иҟоу ауаагьы азхьаԥшра рырҭарц, асанитартә маҵзурақәа рабжьгарақәа ирықәныҟәаларц. Иазгәаҭатәуп акурорттә сезон шымҩаԥысуа, иҟоу адыррақәа рыла уи иагьшацло. Ганкахьала уи бзиоуп, аҽа ганкахьала ауааԥсыра ргәабзиара еиқәырхатәуп", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.

Скорик азхьаԥшра алҭеит Аԥсны ашколқәа рҿы, абжьагарақәа ирхымхәыцкәа, 65 шықәса ирҭысхьоугьы аусура ишҭыҵыз.

Дистанционное обучение школьников - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аҵара Аусбарҭа: 180-ҩык ашколхәыҷқәа аҽԥхьакратә режим рымоуп

"Дара 100% ашәарҭара иҭагылоуп. Арҵаҩы иааиԥмырҟьаӡакәа агигиена дзықәныҟәом. Ус ишцо ала хара имгакәа ашколқәа рҿы арҵаҩцәа ҟамлар алшоит. Аҵара аминистрра аҿар аздырхиароуп", - лҳәеит лара.

Уажәы Аҟәа ақалақь ашколқәа рҵаҩцәа 180-ҩык аҽыԥхьакратә режим рымоуп ҳәа лҳәеит аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

Аиааира апарад мҩаԥгахоит

Лиудмила Скорик илҳәеит апарад шымҩаԥгахо уи азы атәыла ахада адҵа ҟаиҵар.

"Ашәҭшьыҵәрақәа рықәҵарахь зегь неиуеит, аха хымԥада асабрадақәа рҿазароуп. Аҭаацәа рхәыҷқәа ҿырԥшыганы ирзыҟазароуп абри аус аҿы", - лҳәеит лара.

Аилатәара хыркәшо аԥыза-министр Александр Анқәаб аштаб ахьӡала Гәдоуҭатәи агоспиталь амедицинатә усзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара убасгьы ахә ҳаракны ишьеит урыстәылатәи рколлегацәа иҟарҵо ацхыраара.

Акоординациатә штаб аилатәара ашьҭахь Аслан Бжьаниа Агәабзиарахьчара аминистри Афинансқәа рминистри ицны Гәдоуҭатәи агоспиталь даҭааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0