Цәыббра 17 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

© Sputnik / Марианна Кубрава Водопроводный кран
Водопроводный кран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амуниципалтә унитартә наплакы "Аӡыканал" Гәымсҭа ақыҭан аӡымҩангага аремонт мҩаԥнагоит.

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Цәыббра 17 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит Амуниципалтә унитартә наплакы "Аӡыканал".

"Аӡыҭгага станциа №4 аҵакыраҿы (Гәымсҭа) иҟоу аӡымҩангага аремонт ахьымҩаԥысуа инадҳәаланы цәыббра 17 асааҭ 00:00 -18:00 рзы аӡы аанкылахоит Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешба имҩа, авокзал, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәы хыхьтәи аихагылақәа рҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

"Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара аиԥҟьаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0