Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым Аслан Бжьаниа уахь инеира атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Аслан Бжания посетил гудаутскую ЦРБ
Президент Аслан Бжания посетил гудаутскую ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи ковид-центр ахь днеит цәыббра 16 рзы, аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа ҭиҵаарц, иҟоу апроблемақәа еиликаарц.

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿкыратә ҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ангелина Оҭырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи ковид-центр ахь инеира атәы, ари дгылара дууп ҳәагьы азгәалҭеит.

"Агәахәара ду ҳнаҭеит атәыла ахада аковид-центр дахьаҭааз. Аусуҩцәа ҳзы ари дгылара дууп. Ицәажәара агәахәара ҳнаҭеит. Ҳәарада? ҳапроблемақәа ҭиҵааит", - азгәалҭеит Отырԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, аҳақьымцәа рԥылараан ахада иҳәеит хара имгакәа агоспиталь апроблема хада – аҵәыҵәритә станциа аартра – аӡбара шалшо. Аҳақьым иазгәалҭеит аҵәыҵәритә терапиа - COVID-19 змоу рыхәышәтәра акомпонентқәа ируакуп ҳәа.

Иахьазы ахәышәтәырҭаҿ иҟоуп аҵәыҵәритә концентраторқәа. Дара абжьаратә чмазцәа рыхәышәтәраан ицхыраагӡоуп. Ихьанҭоу ачымазцәа арыԥҳа иԥсабаратәым аҳауаҭарсра аппарат иаҵадыриоит. Урҭ аҵәыҵәритә ббаллонқәа рыла идырҭәуеит.

Президент Аслан Бжания посетил гудаутскую ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо

"Аҵәыҵәритә баллонқәа 3-4 сааҭ роуп иахьазхо. Дара рыԥсахра аамҭа аҭахуп, иаҵаиоу ачымазаҩ изы уи шәарҭоуп. Уи адагьы аперсонал рзы уи уадаҩуп. Абаллонқәа дырҭәуеит Аҟәа ма Агәыӡера. Мышкала ҩынтә-хынтә абаллонқәа рырҭәразы амашьына шьҭтәуп", – лҳәоит Оҭырԥҳа.

Аҳақьым лажәақәа рыла, астанциа иалнаршоит аҭыԥ аҿы абаллон рҭәны апалатахь анагара.

"Аҭыԥ аҿы аҵәыҵәри еиԥмырҟьакәа ахархәара алшоит. Уи аперсонал рус арманшәалоит, апациентцәагьы рҭагылазаашьа ԥырхага анаҭом. Апациент иҭагылазаашьа аныхьанҭоу секундқәакгьы аԥырхага ҟарҵоит ҵәыҵәрида даанхар" ҳәа лҳәеит лара.

Ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳақьымцәа рԥарацҵа ашәара ԥкыра амоуроуп ҳәа. COVID-19 иаҿагыло амедикцәа аԥыжәара рыҭалатәуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Аԥарацҵа ашәараҿы аиԥҟьарақәа ыҟан. Аулафахәы ақалақьтә биуџьет аҟынтә иҳауеит. Ианаамҭоу иҳауеит. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ашәарацҵа еиԥҟьалоит. Идыруп ҳҳәынҭқарра шбеиам аха ауаа аус руеит, рџьабаагьы иахәҭоу ахыршәаар рҭахуп. Иацы ахада иҳәеит COVID-19 иаҿагылоу ауаа аԥыжәара рыҭалатәуп ҳәа" - лҳәеит Ангелина Оҭырԥҳа.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ аус руеит 125-ҩык аҳақьымцәа. Иара убасгьы Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчаратә министррақәа реиныррала ара аус руеит ааҩык злахәу урыстәылатәи аҳақьымцәа аҩбатәи ргәыԥ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0