Аҵыхәтәантәи агәҽанҵареи аексперт иҿахәи: аӡбаҩцәа Ҭарба иус иахәаԥшуеит

© Sputnik / Томас тхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҩныҵҟа иҭакыз Анзор Ҭарба иԥсра иадҳәаланы аабатәи аилатәара мҩаԥган цәыббра 16 рзы.

Апроцесс ахарадҵаҩ иԥсыз Ҭарба иаҳәшьа, Аида Ҭарԥҳа аилатәара лалахәразы азин лыҭара рҽазыршәеит Анзор Ҭарба иԥсыбаҩ агәаҭара мҩаԥызгоз аексперт иҿахәы дазыӡырҩырц азы.

Ааха зауз лырхынҳәра

Цәыббра 16 рзы имҩаԥысуаз аилатәарахь, уаанӡа аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иӡбрала аӡбарҭатә регламент еилалгоит ҳәа аилатәарақәа рылахәра азин змихыз, зыԥсҭазаара иалҵыз Анзор Ҭарба иаҳәшьа, Аида Ҭарԥҳа дааит.

МВД - Sputnik Аҧсны
Ҭарба ишьра иалахәу ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа аҩнытә ҭакра рықәырҵеит

Кәарҷиа иҳәеит лара аилатәара алахәхара азин лымам ҳәа. Адукат иҟаиҵаз аҳәара аҭакс иҳәеит ахарадҵаратә ган ҩыратә формала Аида Ҭарԥҳа уажәшьҭарнахыс аԥҟаррақәа шеилалымго азы лырзаҳал аздырхиар акәын ҳәа.

Ҭарԥҳа арзаҳал аҩра мап ацәылкит, Анзор Ҭарба иԥҳа Милана Ҭарԥҳаи лареи егьырҭ аҭаацәара алахәылацәеи аилатәаратә зал ааныжьны идәылҵит.

Аӡбаҩ аԥсеиҭакра анрылеиҳәа ашьҭахь Милана Ҭарԥҳа дгьежьит аӡбарҭатә зал ахь. Аида Ҭарԥҳа лдукат Авҭандил Ҷкадуа иазгәеиҭеит аҭаацәа рҭагылазашьа, амилаҭтә ҟазшьа аҷыдарақәа азхьаԥшра рыҭаны ааха змоу аилатәара ралахәхара азин ҟарҵарц.

Аӡбаҩ уи дақәшаҳаҭхеит, аха Кәарҷиа аҽазныкгьы агәҽанҵара ҟаиҵеит аӡбаҩцәа раҳаҭыр лымбар аилатәаратә зал дышдәылгахо азы.

Аекспер иҿахәы

Аилатәараҿы аӡбарҭа-медицинатә експертиза ареспубликатә биуро аиҳабы Геннади Бобуа иҿахәы иҿырхуан. Иара 2019 шықәса ԥхынгәы 12 рзы Анзор Ҭарба иԥсыбаҩ агәаҭара мҩаԥигон.

Бобуа иажәақәа рыла, ԥхынгәы 11 рзы Аԥсны ААР аусзуҩцәа аҭел изасит, иаанкылаз ауаҩы иԥсыбаҩ агәаҭаразы днеирц.

"Уахынланы акгьы збом ҳәа шысҳәазгьы исышьҭаланы аҩны инеит. Аҭыԥ аҿы саннарга уажәшьҭа уаҭахны уҟам ҳәа сарҳәеит. Сырхынҳәны аҩныҟа сыргеит. Ус зыҟалаз ҳәа акгьы сарымҳәеит саргьы сымҵааит", - иҳәеит аексперт.

Ахьчаратә ган азҵаара – аҭел иасызи ишьҭаланы инеизи зусҭцәоу – рҭак изыҟамҵеит, исгәалашәом ҳәа.

- Шәара уахынла шәыргыланы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь шәнаргеит, нас шәаҭахым ҳәа шәдыргьежьит. Експертк иҳасаб ала оумашәа ишәымбаӡеи, акгьы ахышәымҳәааӡеи? - ҳәа дҵааит Авҭандил Ҷкадуа.

Статуя Фемиды  - Sputnik Аҧсны
Аӡбарҭа Аԥсны ААР уаанӡатәи аусзуҩ иҩнтәы рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит

- Ҳәарада, аха аиҳабыра ус рҳәеит анырҳәа иҟасҵоз. Еиҳабыс уа иҟаз ҳәа сара уаҩ дсымбеит, – ҳәа аҭак ҟаиҵеит Бобуа.

Ԥхынгәы 12 ирзы Бобуа аусҭҵааҩ дицны Тҟәарчал, Ҭарба иҩнаҿы аԥсыбаҩ гәеиҭон.

Анзор Ҭарба дыԥҟан ԥхынгәы 14 рзы, иԥсра зыхҟьаз ҳәа ишьақәыргылан иваҵкьарақәа рыԥҵәара, ицәеижь шьаршәыла ахҩара. Бобуа иажәақәа рыла, иара ихы инаркны ишьапаҟынӡа дҟәаҟәан.

"Аҟәаҟәара мҩаԥгазар алшон иҟагәоу маҭәарк ала: ҭачкәымла, хыла, лабала", - ҳәа иҳәеит иара.

Апрокурор дазҵааит асеиԥш ҟалар алшозма амардуан аҟынтәи дкаҳар ҳәа. Бобуа уи аҭакс иҳәеит аҟәаҟәарақәа рыхәҭак шалшоз, аха итәарҭа инаркны ишьамхаҟынӡа аҭыԥ змаз ашьеизакыра акаҳара иахҟьомызт ҳәа.

Ахьчаҩцәа рган аинтерес рыман афымцашокер ашьҭа, ма ахәырратә шьҭа ыҟазу иҟамзу. Бобуа изныкымкәа иазгәеиҭеит усеиԥш акгьы шимбаз.

Анзор Ҭарба иҭахаразы изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥгахоит цәыббра 21 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0